Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ихыркәшахеит 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023ш.»
Афестиваль Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы адгыларала имҩаԥысит. Аԥсны Амилаҭтә Банк Тамшь иалҵыз ԥшьҩык Аԥсны Афырхацәа – Асҭан (Заза) Занҭариа, Аслан Занҭариа, Даур Занҭариеи Сҭеԥан Занҭариеи ргәалашәара ахьӡала иҷыдоу аҳамҭақәа аԥнаҵеит.
Атурнир хада рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа ашахматасыҩцәа.
Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алнаршеит. Ашахматасыҩцәа ахәмаррақәа мҩаԥыргон иҭбааҭыцәу, иманшәалоу, аԥхара зыҩноу ауадақәа рҿы. Асоура шыҟазгьы, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи даара ибзианы рхы рбон, ргәалаҟазаарагьы бзиан.
Актәи аҭыԥ ааникылеит Павел Смирнов (ақ. Кисловодск), аҩбатәи – Арсени Несторов (ақ. Нижни Новгород), ахԥатәи – Давид Закариан (ақ. Шәача).
Амилаттә реитинг змоу ашахматасыцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Ҭемыр Шанаа (ақ. Очамчыра), аҩбатәи – Трисҭан Кәарацхьелиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи – Артиом Табариан (ақ. Аҟәа).
Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сергеи Миносиан (ақ. Очамчыра), аҩбатәи – Борис Наҟоԥиа (ақ. Аҟәа).
Аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Мариа Афанасиева (ақ. Славианск-на-Кубани).
16 - шықәса зхымҵӡац аҭыԥҳацәа оыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәытаа Сарида (ақ. Аҟәа).
16 – шықәса зхымҵӡац арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Максим Фролов (ақ. Москва).
Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, асертификатқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.