АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

ЖӘАБРАНМЗА 25 РЗЫ МАРКӘЫЛА АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП АРРА-ҬОУРЫХТӘ ЕКСПЕДИЦИА «АХЬӠ-АԤША АМҨАҚӘА РЫЛА».

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 25 рзы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи Аԥснытәи ар Мрагыларатәи афронт аҿы ахьчаратәии ажәыларатәии аибашьрақәа  30- шықәса ахыҵра иазкны Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан арра-ҭоурыхтә експедициа «Ахьӡ-Аԥша амҩақәа рыла» еиҿнакаауеит.

Аекспедициа апрограмма  аҿы иҟоуп:

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи ақыҭеи араиони рактиви, Маркәылтәи абжьаратәи ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рԥылара;

Аԥсны ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара;

Арра-патриоттә тема ала ажәеинраалақәа раԥхьареи ашәақәа рынагӡареи;

Ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа рҿагыларақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҭаара, - Мрагыларатәи афронт аҿы жәабранмзатәи аибашьрақәа ирылахәыз асолдатцәеи афицарцәеи ргәалашәарақәа разыӡырҩра;

Зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ирылахәыз рҟынтәи аибашьратә материал аизгара.

Аекспедициа алахәылацәа Аҟәантәи амҩа иқәлаанӡа реизгара мҩаԥысуеит асааҭ - 09:00 рзы, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿаԥхьа.


Read 236 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.