АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Жәабран.2023

МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ Ҩ-ТӘЫЛАУАҨРАК АИУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РЫӠБАРАЗЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРА АЗЫ АКОНСУЛЬТАЦИАҚӘА

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳә́ынҭқарратә Дума адепутатцәеи рыбжьара ҩ-ҳәынҭқаррак ртәылуаҩра аиура иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы Аԥсни Урыстәылаеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара атема ала аконсультациақәа мҩаԥысит.  

Хара имгакәа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы иарбоу Аиқәшаҳаҭра аратификациа мҩаԥысраны иҟоуп. Аԥсны ари Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит ԥхынҷкәынмза 30, 2022 шықәса рзы. Аиқәшаҳаҭра азинмчы аиуоит аратификациатә шәҟәқәа реимадара ашьҭахь.  

Аиқәшаҳаҭра азинмчы анаиулак ашьҭахь Урыстәыла атәылауаҩрахь рыдкылара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәҵахоит Ур

ыстәыла Ахада Владимир Путин иӡбарала. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ила ишьақәыргылахоит Аԥсны атәылауаа рзы ирмариоу аформа ала Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра аиуразы аԥҟарақәа, иара аубас арзаҳал аҩреи иалаҵатәу аусшәҟәқәа рсиеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр. сообщает Медиацентр МИД РА. Последнее изменение 20.02.2023, 10:52 Опубликовано в Новости Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи атәылауаа ирмариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аҩра рылшоит.

 

 

 


Read 277 times - Ашәахьа, 20 Жәабран 2023 14:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.