АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2023

ТАМШЬ ИМҨАԤЫСУА АШАХМАТТӘ ТУРНИР АУСУРА ИАЦНАҴОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абар хымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.

Раԥхьатәи ҩымш ирылагӡаны еицлабуан 9,  11,13 шықәса зхыҵуа қәратә категориақәа ирыҵанакуа аспортсмен ҿарацәа.

Амҽыша, жәабранмза 19 рзы аицлабрақәа мҩаԥысуан аиҳабацәа рыбжьара. Атурнир аӡбаҩ хада  - Оҭар Хәырхәмал.

Атурнир ацашьа гәеиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи Афедералтә Округ ашахматқәа Рфедерациа апрезидент, жәларбжьаратәи арбитр Николаи Ширшиков.

Аԥснытәи аспорсменцәа рнаҩс атурнир рхы аладырхәуеит Урыстәыла - Москва, Татарсҭан, ​Чечентәыла, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп еицырдыруа агроссмеистерцәа, жәларбжьаратәи аспорт азҟазацәа.

Атурнир аартра иазкыз аофициалтә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа,  Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Ныгәзар Ашәба, аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аветеранцәа рыбжьара асамбо азы изныкымкәа адунеи ачемпион Борис Багаҭелиа, Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кубраа, акемпинг "Тамшь VILLAGE" адиректор Константин Новиков, аспорттә уаажәларра.

Атурнир алахәалацәа ирыдныҳәалеит ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.

Тарас Ҳагба Аԥсны имҩаԥгахо ашахматтә турнирқәа есышықәсы иалахәхо рхыԥхьаӡара ахьацло даара ибзиоу ахәшьара аиҭеит.

«Атурнир еицырдыруа ашахматасыцәа, жәларбжьаратәи агроссмеистерцәа рхы ахьаладырхәуа уи астатус ахьынӡаҳараку аанарԥшуеит»,- ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгаҩы ҿыц  ашахматқәа аринахысгьы адгылара шроуо азгәеиҭеит.  Уи атурнир иҳараку аҩаӡара аҿы имҩаԥысырц азы илшо зегьы ҟазҵо Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба иусуразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. 

Урыстәыла Аладатәи Афедералтә Округ ашахматтә Федерациа апрезидент Николаи Ширшиков атурнир алахәылацәа икомпромисдоу аиндаҭлареи иԥшӡоу ахәмарреи рзеиӷьаишьеит. Уи иара убас атурнир аиҿкааҩцәа аусмҩаԥгатә азы иаԥҵоу аҭагылазаашьа бзиа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. 

Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы Аԥсны Амилаҭтә Банки Тамшь ақыҭа иалҵыз – Аԥсны Афырхацәа ргәалашәара ахьӡала аҳамҭақәа аԥырҵеит. Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥигеит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба.

Аԥсны Афырхаҵа Аслан Занҭариа игәалашәара иазку аҳамҭа ианаршьеит Кисловодск ақалақь аҟынтәи жәларбжьаратәи агроссмеистер Павел Смирнов.

Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа игәалашәара иазку аҳамҭа  ианашьахеит Урыстәыла Аладатәи Афедералтә Округ ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Николаи Ширшиков.

Аԥсны Афырхаҵа Даур Занҭариа игәалашәара иазку аҳамҭа  ианашьахеит Чечентәылатәи Ареспублика ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Ихаҭыԥуаҩ Руслан Иандарбиев.

Уи атурнир аиҿкааҩцәа ианаршьаз аҳамҭа азы иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Аԥсны аҭоурых адраматизм ала игәылҭәаауп. Сара гәык-ԥсыкала Аԥсны иазеиӷьасшьоит аҿиара, ашәҭыкакаҷра, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицо, ашахматқәагьы аҿиара бзиа роуа иҟалааит».

Аԥсны Афырхаҵа Заза Занҭариа игәалашәара иазку аҳамҭа  ланашьахеит урыстәылатәи ашахматасыҩ, Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионка, Урыстәыла еицырдыруа аблогер, ашахматтә онлаин-стример, YouTub-канал Maiami Chess амҩаԥгаҩ  Маиа Порожниак. Уи «Мисс фестиваля» ҳәа ахьӡ лыхҵахеит.

Шьахәлаҵәҟьа инарыгӡаз аԥсуа кәашарақәа рыла еизаз зегьы ргәалаҟазаара шьҭырхит ахәыҷтәы рҿиаратә коллективқәа ҩба.

Тамшь ақыҭантәи аҭыԥҳацәа рыквартет ҳаамҭазтәи акәашарақәарыла иқәгылеит, Еснаҭ Сангәлиа инапхгарала адауласыҩцәа рансамбль   ­–  кавказтәи аритмқәа нарыгӡеит.

Афото Ельза Ҷанба.


Read 256 times - Аҩаша, 21 Жәабран 2023 14:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.