АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жәабран.2023

АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА РЫМАДАРА АЗЫ АУСБАРҬА АУААԤСЫРА ИҴАБЫРГЫМ АИНФОРМАЦИА РХЫ ИАДМЫРХӘАРЦ АЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа аҵыхәтәантәи аамҭа азы еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи асоциалтә аҳақәеи рыла аларҵәара зауз, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара ахықәкыс иамоу азы иҵабыргым аинформациа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. ***

Жәабранмза 14 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит.  Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҟны аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра уи азы аинформациа ианаамҭаз рыҭара Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саити егьырҭ аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи рыла иалыршахеит.

Аха уи инашьҭарххны, еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи аинтернет-ресурқәеи рҿы Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа алалара ҟалар алшоит, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны уи астатус алацәажәара мҩаԥысуеит ҳәа  иҵаҵӷәыдоу аинформациатә дыррақәа рыларҵәара ҟалеит. Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсныгьы, ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы уахь иналаҵаны, џьоукы-џьоукы арҭ адыррақәа рыларҵәара иалагеит.

Иџьоумшьар залшом, хыхь иарбоу атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи аӡәгьы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа ахь Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа иусуратә визит ахықәкқәа рзы алаҵәара зауз аинформациа  азы изеиԥшразаалак аилыркаарақәа раиуразы иадымҵаалаӡеит.

Еиқәыԥхьаӡоу афактқәа ҳасаб азуны, игәаҭам, иҵаҵӷәыдоу аинформациа ала ишьаҭарку Аԥсны Аҳәынҭқарра астатус алацәажәара мҩаԥгахар алшоит ҳәа ауаажәларратә ҳәамҭақәа рыҟаҵара, атәылауаа џьоукы-џьоуки ауаажәларратә еиҿкаарақәаки  аконституциатә шьақәгылара ашьаҭақәа рышьақәҟьара азы  Аԥсны анапхгара гәҭакыла, ҵаҵӷәыда аарадҵара азы аҽазышәараны иԥхьаӡазар алшоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар ихьыԥшымкәа  аҟазаара азы азин ала ҭоурыхла исуверентәу, идемократиатәу, азинтә ҳәынҭқарра аконституциатә шьақәгылара азакәанԥҵарала ишьақәырӷәӷәоуп, даҽакалагьы ҟалашьа амам. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа изинмчы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәеи Аконституциеи инарықәыршәаны инаигӡоит.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа аҿы изҭаху зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иусура иазку ииашоу аофициалтә информациа аиура рылшоит. Егьырҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра иусура ахәшьараҭаратә цәажәарақәа зныԥшуа иофициалтәым аинформациатә дырраҭарақәеи агәаанагарақәеи иҵабыргу аинформациа ахыҵхырҭақәаны иԥхьаӡазар ҟалом.  

Хыхь иарбоу инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа  атәылауаа рахь иофициалтәым ахыҵхырҭақәа рҟынтәи акала ишьаҭаркым, иҵабыргым аинформациа ахшыҩзышьҭра арымҭаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.


Read 273 times - Ашәахьа, 20 Жәабран 2023 00:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.