Аҟәа. Жәабранмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар ҩымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМЫШ-VILLAGE – 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.
Аҩбатәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи Татарсҭан Ареспубликеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа 13-шықәса зхымҵӡац аспортсмен ҿарацәа.
13 - шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи – Арсени Пономарев (ақ. Славянск-на-Кубани), ахԥатәи – Аслан Хамидуллин (ақ. Казань).
13 – шықәса зхымҵӡац аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Алеқсандра Аҩӡба (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи – Николь Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи – Алеқсандра Демуриа (ақ. Очамчыра).
11 – шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәеи аӡӷабцәеиа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Актәи аҭыԥ – Дамир Ҳалуашь (ақ. Гәдоуҭа), Мадина Мабаракшина (ақ. Казань);
Аҩбатәи – Руслан Мықәба (ақ. Пицунда), Софиа Аҩӡба (ақ. Гәдоуҭа);
Ахԥатәи – Емир Абанос (ақ. Пицунда), Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, асертификатқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьахеит.
Аиааира згаз аҳамҭақәа ранеишьеит Урыстәыла изныкымкәа Урыстәыла ачемпион, Жәларбжьаратәи агроссмеистер Павел Смирнов.
Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Ишьақәырӷәӷәоуп Тамшь ақыҭа иалҵыз – Аԥсны Афырхацәа рыхьӡала аԥхьахәқәа. проводится Федерацией шахмат Абхазии при поддержке Госкомитета РА по делам молодежи и спорту. Учреждены призы имени Героев Абхазии – уроженцев села Тамыш.