«Аӡәгьы Аԥсныҟа меигӡарах амааҭқәа, адолларқәа ааишьҭуамызт, зегьы даара иуадаҩу аусура иалҵшәаны иаиуон. Убас ауп ҳара зегьы ҳаицны, Аԥсны жәлар зегьы еидгыланы даара иуадаҩыз аамҭақәа – аибашьреи аибашьрашьҭахьтәи аблокадеи шаҳхаагазгьы. Арҭ ацәыӡ ду зцыз итрагедиатәу аамҭақәа рыхганы ҳажәлар хьыӡла-ԥшала иалҵит, аҭынч аамҭа анышьақәгыла ашьҭахь, еиҵагыло абиԥара реизҳазыӷьара ахьӡала иаадырԥшыз агәымшәареи ахачҳареи хра злоу алҵшәақәа шроуа азы агәыӷра рыманы аԥсҭазаара амҩа ианылеит», - ҳәа иҳәеит Валери Аршба.
Уи иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра аҩныҵҟа имҩаԥысуа умбарц азы улымҳақәа џьгәазароуп, улақәагьы аркызароуп, иара ухшыҩгьы кәадазароуп.
«Ҳаргьы иаҳхароугьы рацәоуп. Аҵыхәтәантәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан, иара уи аԥхьагьы, зегьы ламысцқьала имныҟәаӡеит. Убри аҟнытә ауп иахьа ҳаззыԥшыз ҳшазыԥшыз акәымкәа иаарҳәны изыҟалаз», – ҳәа иҳәеит иара.
Иқәгылара хыркәшо, Валери Аршба, ауаа иахьа анхара, анҵыра, аусура, иахәҭоу атәанчахәы роуларц рҭахуп ҳәа иҳәеит.
«Ҳара мҩак ауп иҳамоу – ҳтәыла аиқәырхареи, ишахәҭоу еиԥш Ҳаԥсадгьыл аҿы аҟазаареи», - ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит иара.
Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аԥсны жәлар Реиҿкаара» алахәыла Саид Беиа аҳәынҭқарратә дача атема дазааҭгыло, ииашамкәа акоординатқәа рылкаара азы аӡәгьы аҭакԥхықәра дақәыршәаӡам ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи дазҵааит атәыла аҿы афымцалашара иадҳәаланы ас еиԥш ауадаҩрақәа аныҟоу аамҭазы иарбан бизнес-проектқәоу ҳазлацәажәо ҳәа.
Саид Беиа игәаанагарала аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыштат аиҵатәра ахәҭоуп, зыхәԥса ҳараку амаҵуратә машьынақәа ҭиитәуп.
Ажәахәҟаҵаҩ хада Адгәыр Арӡынба хы-шықәса рыла Аҳәынҭқарра Ахада знык иадамзаргьы адемографиа, арепатриациа, аҵарадырра, акультура, аԥсуа бызшәа, агәабзиарахьчара, уҳәа ирызкны аилатәара мҩаԥиимгаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иара убас анаркоманиа аҿагылара, ашәарҭадареи атәылахьчареи ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы дырзааҭгылеит. Уи игәаанагарала атәыла анапхгара арҭ азҵаарақәа иахәҭоу ахшыҩзышьҭра анаҭаӡом. Адгәыр Арӡынба атәыла ахадара анапхгараҭара аолигархиатә модель аԥнаҵеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, «шәареи ҳареи урҭ Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку рыпроект аҟны аҭыԥ ҳзалхӡам». Адгәыр Арӡынба аолигархцәа Аԥсны ҭаха арҭарц, ианамуӡа Украинаҟа рылаԥш дырхарц еиӷьуп ҳәа иҳәеит. «Аԥсны ԥшәымас иамоу аԥсуа жәлар ауп», - ҳәа иҳәеит иара. Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, уажәы аҳәынҭқарра иахагылоу акризис алҵра азы абжьгарақәеи ажәалагалақәеи зегьы зхьаԥшрада иаанрыжьуеит, акоррупциа, Аконституциа аилагара иадҳәалоу афактқәа иахәҭоу ахшыҩзышьҭра арҭаӡом. «Ҳара ҳабжьы ҳмыргар, ҳхәыҷқәа ԥсадгьылда иаанхар алшоит. Ҳара зусуралшара аҩаӡара ҳараку анапхгара ҳамазар ҳҭахуп. Шәареи ҳареи ҳхымҩаԥгашьа ишиашоу иадҳәалоуп ҳтәыла уаҵәтәи аԥеиԥш. Уи доусы ихәҭаа алазароуп», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.
Аибашьра аветеран Лавренти Сақаниа ҿырԥштәыс иааигеит Чечентәыла. Уи ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны Чечентәыла иаиуз афинанстә цхыраара иаҟараны ацхыраара аиуит. Гәдоуҭа араион ахада Баграҭ Боџьгәуа иахь ихы рханы иара Гәдоуҭа иахьа ахәыҷбаҳча дыргыларц рҭаххаргьы, уи ахьургыло аҭыԥ узыԥшааӡом, аҭыԥқәа зегьы аанкылоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри аан уи иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб атәыла данахагылаз аамҭазы мацара ауп араион аҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рыргылара анарыршахаз, ахәышәтәырҭеи акультура Аҩни реиҭашьақәыргылара анымҩаԥгаз, ҳәа иазгәеиҭеит. Иҭыԥ аҟынтәи дықәгылеит Хәаԥ ақыҭа инхо ахаҵа, уи атәыла иахыгылоуи урҭ раппозициаҿы иҟоуи аӡәгьы дышрыдымгыло азгәеиҭеит. «Араҟа атәыла анапхгара рахь аӡәырҩы агәынамӡара аадырԥшит, аха еилкааҳкаауазароуп ҳтәыла абиуџьет заҟароу. 8 - 9 млрд. мааҭ ари даара ирацәоу ԥараӡам. Уи атәы зышәымҳәозеи? Ари аԥара даара имаҷуп араҟа, ари азал аҿы иахьа иззааҭгылаз азҵаарақәа зегьы рыӡбаразы», – ҳәа иҳәеит иара. Аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Роман Гериа убасҵәҟьа иахьа араҟа иаҳаз аҳәамҭақәа рганахьала игәаанагара иҳәарц иӡбеит. «Сара сусура анефтаалыҵқәа ирыдҳәалоуп. Ари атема ала абжьахәаахәҭреи абылтәы ахәԥса гәҭакыла ишьҭыхын ҳәа ацәажәарақәеи рымҩаԥгара ахәҭаӡам. Ауаа рырҩашьара аҭахӡам. Уи атәыла анапхгара ирҭахны иҟамлаӡеит. Аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, ахәқәагьы лаҟәит. Пицунда акәзар, ишәгәаласыршәар сҭахуп, Владислав Арӡынба ианиаамҭаз ари аобиект урыстәылатәи аган наунагӡа ахархәаразы иеиҭеит. Аӡәгьы араантәи акгьы шьҭыхны изгом», – ҳәа иҳәеит Роман Гериа. Аоппозициа ахаҭарнакцәа рахь ихы рханы Роман Гериа иара убас иҳәеит: «Шәара иахьа илашәҵаз ауп уаҵәы иаашәрыхуа… Уажәтәи анапхгара амчрахь ианнеи ахазынарҭа ҭацәын ҳәа уҳәар алшоит, мааҭгьы ҭамызт! Сара сгәаанагара ауп исҳәо, аветеран, атәылауаҩ, анхаҩы иаҳасабала. Егьырахь шәара шәхала шәазхәыц. Иахьа имҩаԥысуазеи? Хәыҷы-хәыҷла ҳтәыла ашьапы иқәгылоит. Азауад ҳаргылеит, ҳауаажәлар уаҟа аус руеит, акгьы ҳамҭиӡеит, аԥарақәа абиуџьет иалаҳгалоит! Жәаҳәарада, уи аоппозициа азы иманшәалаӡам, иазыфеиданы иҟам! Зегьы рҭагылазаашьа бааԥсызар еиҳа еиӷьума? Зегьы усурада иаанхароума? Аобиектқәа рыҭира мҩаԥысуеит шәҳәама? Уи Шәара шәалархәӡамкәа иахьымҩаԥысуа аума рыцҳарас иҟалаз? Шәара анапхгараҿы шәаныҟаз аамҭазы ҩынтә-хынтә еиҳаны аобитқәа рыҭира мҩаԥган! Шәара иахьа ауаа рымҩахҟьара шәаҿуп!» – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роман Гериа.