Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит ҳәа аинформациа ҟалеит.
«Жәабранмза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мокваҟа дцеит. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҿы аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Уи инашьҭарххны, еиуеиԥшым иофициалтәым аинтернет-ресурқәа рҿы зхыԥхьаӡараҿы Аԥсны ыҟаз «аҳәынҭқаррақәак Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа алалара ҟалар шалшо» азы аинформациатә дыррақәа рыларҵәара ҟалеит.
Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба «Аԥсны-иахьа» еиҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа ицара хықәкыс иамази аԥсны-урыстәылатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара аперспективақәеи дрылацәажәеит.
«Арҭ адыррақәа зегьы иҟоуҵәҟьа аҭагылазаашьа акала еиԥшны иҟам. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ус ирыӡбаӡом: Аҳәынҭқарра Ахада дцан, ҳаргььы Урыстәылатәи Афедерациа аилазаара ҳалалеит. Уи аҩыза ҟалашьа аманы иҟам. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы Конституциа, уи ари атема алацәажәарагьы алшара ҳанаҭаӡом. Уи моу, ас еиԥш азҵаара ақәыргылара азы ашьаустә хьырхәра (аҭакԥхықәра) азԥхьагәаҭоуп. Уи ҟалашьа змам усуп. Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа усуратә визитла дцеит, уи уаҟа иахьа Урыстәылатәи Афедерциа ашәарҭадара Ахеилак аҿы аиԥылара имоуп. Саргьы мышқәак рышьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак аҟынтәи сколлегацәа рԥылара азы уахь амҩа сықәлароуп. Ҳара еицынаҳагӡараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аплан аиқәыршәара аус адулара ҳаҿуп. Акызаҵәык, алацәажәарагьы ахаангьы ҳхы иаҳзаҭәамшьо уи ҳсуверенитет, ҳара ҳхьыԥшымра ацәыӡра атема ауп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ.
Убри аан Сергеи Шамба, аекспертцәа рыҩаӡара аҿы иҿыцу Евразиатә Еидгылара азҵаарақәа ирылацәажәахар ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
"Асуверенитети ахьыԥшымреи раԥыхра зынӡа алацәажәара ҟалашьа аманы иҟаӡам. Европатәи Аиидгылара аҳасабала Евразиатә Еидгылара аҿы ҳаԥхьаҟа иҟалар зылшо аконфигурациақәа рзы аексперттә хҳәаақәа рыҩаӡара аҿы еиуеиԥшым азҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥысуеит. Ҳара уи азы адгаларақәагьы ҳмоуӡацт. Уи зегьы гәынхәҵысҭала иҟаҵоу ацәажәарақәа роуп. Уи алацәажәарагьы уадаҩуп. Уи аҩыза Урыстәылатәи Афедерациа анапхгареи ҳареи ҳабжьара иҟаӡам. Мацара аофициалтә хаҿқәа рҟынтәи иҳаҳауаз Аԥсны ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара еилшәара шақәым, уи аиҭахәаԥшра шзалмыршахо акәын», – ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. сказал Шамба.