АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2023

АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ НИКАРАГУА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ДЫЛԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы иҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ, аамҭак ала Аԥсны ацҳаражәҳәаҩысгьы иҟоу  Альба Асусена Торрес Мехиеи еиԥылеит.  

Аиԥылара аҿы адипломатцәа аҩганктәи аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит, аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Альба Торрес аԥснытәи лколлега идылныҳәалеит аҭакзыԥхықә маҵзура иаҭара, изеиӷьалшьеит адипломатиатә усура аҿы ақәҿиарақәа, иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡара.


Read 204 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.