Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуеит Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023».
Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Ишьақәырӷәӷәоуп Тамшь ақыҭа иалҵыз – Аԥсны Афырхацәа рыхьӡала аԥхьахәқәа.
Актәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 9-шықәса зхымҵыц 45 – ҩык ашахматасыҩ ҿарацәа.
Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алнаршеит. Ашахматасыҩцәа ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы ирыздырхиеит иҭбааҭыцәу, иманшәалоу, аԥхара зыҩноу ауадақәа. Асоура шыҟазгьы, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи даара ибзианы рхы рбоит, ргәалаҟазаарагьы бзиоуп.
9 – шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Стилиан Мықәба (ақ. Пицунда), аҩбатәи – Армен Топчиан (аҳабла Гәылрыԥшь), ахԥатәи – Давид Џьынџьал ( ақ.Аҟәа).
9 – шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи – Амира Агрба (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи – Анастасиа Гагәылиа (ақ. Гәдоуҭа).
7– шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Актәи аҭыԥ – Глеб Хьынҭәбеи Доминика Бениеи, рҩыџьагьы Гәдоуҭа ақалақь аҟынтәи иааит;
Аҩбатәи аҭыԥ – Гьаргь Кәыҵниа. (ақ. Аҟәа);
Ахԥатәи аҭыԥ – Игнати Мықәба (ақ. Пицунда), иара убас Адель Папба (ақ. Аҟәа).
Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, асертификатқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.