АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2023

УРЫСТӘЫЛА АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА МҨАԤНАГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара инамаданы, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы,  Москва ақалақь аҿы – мшаԥымза  5, 2021 шықәса рзы. 

Аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аус зуа, иара убас Аԥсны аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аџьашықәс змоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазкуп, ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны. 

Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.

Азакәан апроект аусдулаҩцәа ишазгәарҭо ала, уаанӡа Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара аҿы  аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьашықәс аҩгантәи азхаҵара азԥхьагәаҭаӡамызт.

Аиқәшаҳаҭра хәышықәса аҽҳәара аманы ибжьаҵахоит, иааиуа хәы-шықәса рзы ахала аҽҳәара ацҵарала. Иарбоу аусшәҟәы ихымԥадатәиу аҳәынҭқарраҩныҵҟатәи апроцедурақәа зегьы рымҩаԥгара алыршара азы шәҟәыла еиқәыршәоу адыррақәа адипломатиатә каналқәа рыла аиура амш инаркны азакәанмчы аиуоит.


Read 204 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.