АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2023

АПРОКУРАТУРА ГЕННАДИ ГАДЕЛИА ИШЬРА АГАНАХЬАЛА АӠБАРҬА ИАДНАКЫЛАЗ АШЬАУӶАҚӘҴАРАТӘ ӠБАМҬА ИАЗАШШОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16, 2023 шықәса рзы Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбаҩ Белла Хасаиа лхантәаҩрала имҩаԥысыз аӡбарҭа аилатәара аҿы, 1968 шықәсазы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ииз, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан инхо Берулаа Альберт Сергеи-иԥа гәҭакыла ауаҩшьреи изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1, ахәҭаҷ  217, ахәҭа   1) рзы ахара идҵан. 

Альберт Берулаа ихарадҵа ала аусеилыргара хәыжәкырамза  11, 2022 шықәсазы ахәаԥшразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәҵахеит.  

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыхәаԥшра алҵшәақәа рыла, аӡбарҭа Альберт Берулаа ихьырхәра аҳасабала изалнахит ахараԥса ахшәаарада ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 7 шықәса ҭакрала ахгара.

Берулаа Альберт Сергеи-иԥа лаҵарамза 31, 2010 шықәсазы,  13 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Агәмаа имҩала иҟоу «Автомашьынатә маҭәахәқәа рџьармыкьа» иахьаҵанакуаз, 2007 шықәсазы ирыбжьалахьаз аимак-аиҿак иахҟьаны ииоуз амцабџьартә ахәрақәа рзы ашьоура игәы иҭакны заанаҵы еиқәиршәахьаз,  зыхҭаларшә 9 мм. рҟынӡа инаӡо амцабџьар ала 1971 шықәсазы ииз атәылауаҩ  Гаделиа Геннади Митиа-иԥа гәҭакыла диеихсны дахьишьыз азы иус ӡбоуп, ахарадҵагьы идҵоуп.  

Геннади Гаделиа  7 ахы зылҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи ихи игәышԥи рганахьала 2 ахы злымҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи иоуит, урҭ ирыхҟьаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.  

Ауаҩшьра аныҟаиҵа ашьҭахь, Берулава Альберт аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит. Уи иганахьала 11 шықәса ирылагӡаны, иаанкылара аналыршаха амш абҵарамза   12, 2021 шықәсанӡа аусԥшаара мҩаԥысуан.  

 

Аусӡбара иалахәыз апрокурор иганахьала аҳәара ҟаҵан Берулаа А.С. ихьырхәра аҳасабала 11 шықәса аҭакрала ахгара азы аӡбамҭа адкылара. Ааха зауз агангьы идҵаз ахара иақәшаҳаҭымхаз, иахьымхәыз, иара убас аҿахәы аҭара мап ацәызкыз  Берулаа А.С. иганахьала излауа ала ицәгьоу ақәнагақәыршәара алыршара азы аҳәара ҟанаҵеит.

Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 асанкциа (гәҭакыла ауаҩшьра) азы ахьырхәра аҳасабала иазԥхьагәанаҭоит 6 шықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.  

Уи мыцхәы иԥсыҽыуп ҳәа иԥхьаӡаны, иалхыз ашьауӷақәҵара иақәшаҳаҭӡам Аҟәа ақалақь аӡбарҭа. Аганқәа ашьауӷақәҵара атекст нагӡаны ианроулак ашьҭахь Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ашьаусеилыргарақәа рзы акассациатә коллегиа ахь  иалхыз ашьуӷақәҵара аиашамра азы акассациатә дгалара дәықәҵахоит, ҳәа иаанцҳауеит апрокуратура Хада асаит. 


Read 232 times - Амҽыша, 19 Жәабран 2023 14:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.