АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2023

ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА АНАПХГАРАТӘ ЕИЛАЗААРА АОПЕРАТИВТӘ ЕИЗГАРА.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа ирызкын жәабранмза   13 -17 рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгаратә еилазаара аоперативтә еизгара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аоперативтә еизгара ахь адыԥхьалара роуит Аԥсны атәылахьчареи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи  аоперативтә еилазаара, амчратә структурақәа, ашәарҭадара Ахеилак ахаҭарнакцәа, иара убас атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәылацәеи.

Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-леитенант  Владимир Савченко ишазгәеиҭаз ала, «аизгара ахықәкы хаданы – анапхгаратә еилазаара, архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи ркомандаҟаҵаҩцәа ҳаамҭазы имҩаԥысуа еиԥш ҳаԥхьаҟа иҟаларц зылшо бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа рҿы арратә дҵқәа рынагӡаразы ирымоу азанааҭдырратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра».    


Read 233 times - Амҽыша, 19 Жәабран 2023 00:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.