АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2023

ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА РИҴА ИМҨАԤНАГОЗ АКОМАНДАҞАҴАРА-ШТАБТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәаша, жәабранмза 17 рзы ихыркәшахеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асыԥса алеира ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рынагӡареи» атема ала Риҵа имҩаԥнагоз акомплекстә акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа. 

Ахылаԥшырҭа аҿы Аԥсныпресс акорреспондент ирҭаз адыррақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхеит Аминистрра хаҭалатәи аилазаара аҟынтәи 50-ҩык, иара убас 15 цыра инарзынаԥшуа иҷыдоу атехника.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа аиҭеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, «аусмҩаԥгатә аилыргара» Аҟәа имҩаԥгахоит.

«Аҽазыҟаҵарақәа раан иаарԥшын хазы игоу агхақәа, аха иҟаз имариамыз аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, аиқәырхаҩцәа зегьы, аӡхәыҵалаҩцәа, ашьханыҟәаҩцәа, ахраҿалаҩцәа, апиротехникцәа, амедицинатә усбарҭа, атылтә еиқәыршәара, акинологиатә маҵзура, уҳәа ибзиоу алҵшәақәа аадырԥшит», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Лев Кәыҵниа имҩаԥысыз  аҽазыҟаҵарақәа даара хра злоу аусмҩаԥгатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҩы-шықәса ирылагӡаны апандемиа иахҟьаны ҳара ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаҳамгаӡацызт, аха, иахьатәи аԥышәа ишаҳнарбаз ала, урҭ иааԥмырҟьакәа амҩаԥгара ахәҭаны иҟоуп, избан акәзар акыр хра злоу алҵшәақәа аадырԥшуеит», - ҳәа иҳәеит иара.

 

 


Read 196 times - Амҽыша, 19 Жәабран 2023 00:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.