АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2023

АЖУРНАЛ «ЗОЛОТОЙ ЧЕРВОНЕЦ» АҞНЫ ИКЬЫԤХЬХЕИТ АԤСНЫ АԤАРАҾЫРПҚӘА ИРЫЗКУ АМАТЕРИАЛ.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла анумизматикатә ҭыжьымҭа дуӡӡа «Золотой червонец»  (№4, 2022 ш.) аҵыхәтәантәи аҭыжьра аҿы ф-цәаҳәак Аԥсны Абанк аԥараҿырпқәа ирызкхеит.   

Арубрика «Адунеи аԥараҿырпқәа» аҟны ианылеит Аԥсны Абанк иазку астатиа. Уи аҟәшақәа рыла ишьақәгылоуп.

Аҟәша «Аԥсны аԥараҿырпқәа: атрадициақәеи ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи» рҿы Аԥсны иахьаҵанакуа аԥаратә еикәыршара аҭоурых инарҭбааны иалацәажәоит.

Аҟәаша «Аԥсны иналукааша ауаа: аклассикеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи», аформат «пьедфорт» ала иԥҟоу аԥараҿырпқәа «Искандер ифырхацәа» иазкуп. Асериа иаҵанакуа апараҽырпқәа зегьы ртехнологиеи рыԥҟара апроцесс амҩаԥысшьеи рзы инарҭбаау аҟазшьарбара ҟаҵоуп, иара убас иарбоу аԥараҿырпқәа равтор, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иҿцәажәарагьы ануп.  

Хазы ахшыҩзышьҭра аҭоуп асериа «Кавказ ажәларқәа рышәҵатәи рабџьармаҭәеи». Араҟа асериа аԥараҽырпқәа рмилаҭтә калорити иоригиналу рформеи инаҵшьны иазгәаҭоуп.

Астатиа аҿы иара убас иалацәажәахоит иҿыцу атехнологиа «пламет» ала иԥҟоу аԥараҿырпқәа «Ареспублика Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа» рсериа.

 

 


Read 340 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.