АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жәабран.2023

ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘ АЛА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АУСБАРҬА ХАДЕИ АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ РДЕЛЕГАЦИАҚӘА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шәача ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Краснодартәи атәылаҿацә ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусбарҭа Хадеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рделегациақәа русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иалахәыз анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа рхархәареи реикәыршара иадҳәалоу ацәгьоурақәа рыпрофилактикеи раартреи, иара убас амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагарақәа рфотовидеофиксациа  апрограммақәа рхархәара аеффективра аизырҳареи рзы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. 

Аиԥылара иалахәыз аппарат-программатә комплекс «Ишәарҭадоу ақалақь» Ҟәбина қәҿиарала ахархәара атәы зҳәо авидеоролик дырбан. Уажәы Краснодартәи атәылаҿацә  иахьаҵанакуа аус руеит автоматтә режим ала  арегион иахьаҵанакуа азинлеишәа аиқәыршәара ахылаԥшра алзыршо 9,5 нызықь инареиҳаны авидеокамерақәа.

Аиԥылара иалахәыз иазгәарҭеит Аппарат-программатә комплекс «Ишәарҭадоу ақалақь» алшарақәа азинхьчаратә хырхарҭа змоу еиуеиԥшым усхкқәа рҿы аусура аеффективра акыр ишьҭырхуеит ҳәа иазгәарҭеит.


Read 242 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.