АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2023

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА РИҴА АКОМАНДАҞАҴАРА-ШТАБТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤНАГОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Жәабранмза  15 – 18 рзы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асыԥса алеира ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рынагӡареи» атема ала акомплекстә командаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.

Ахылаԥшырҭа аҿы Аԥсныпресс акорреспондент ирҭаз адыррақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит Аминистрра хаҭалатәи аилазаара аҟынтәи 50-ҩык, иара убас 15 цыра инарзынаԥшуа иҷыдоу атехника.


Read 204 times - Амҽыша, 19 Жәабран 2023 00:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.