АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жәабран.2023

АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ҬҞӘАРЧАЛИ ГАЛИ АРАИОНҚӘА РҾЫ АНҬЫҴТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРАҚӘА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Ҭҟәарчали Гали рыҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит. Аиԥыларақәа рхы аладырхәит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьибеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи.

Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша хаҭалатәи аилазаара аусура 2022 шықәсазы аҳасабырба ҟаиҵеит  Ҭҟәарчал араион амилициа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Арсен Биџьев.

Астатистикатә дыррақәа рыла, лассы-лассы имҩаԥгахо апрофилактикатә усура иалҵшәаны, араион аҿы азеиԥшцәгьауратә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит, убри аан урҭ раартра иааубаратәы еиҳахеит.

2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан ашьаустә ҟазшьа змоу 13 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартхеит 11, уи 84.6 % шьақәнаргылоит.

2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит ашьаустә ҟазшьа змоу 26 цәгьоура, урҭ рахьынтә 18 аартхеит, даҽакала иуҳәозар  69,2 %.  2022 шықәсазы Ҭҟәарчал араион аҿы иааубаратәы иагхеит ацәгьаура бааԥсқәа рхыԥхьаӡара. Убас, 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан ацәгьаура бааԥсқәа 4, иаартын-2, 2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит ацәгьаура бааԥсқәа 12, урҭ рахьынтә иаартуп 9.

Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара азы гәҩарас иҟаҵаны иаанкылан 24-ҩык, урҭ рахьынтә 13 - ҩык рхара шьақәырӷәӷәахеит.  

Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәша 48 - ҩык рганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп, урҭ рахьынтә астатистика ала - 35 - ҩык; астатистика аҟынтәи ианыхуп  - 13-ҩык.

2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит  амҩа-транспорттә хҭысқәа 7, урҭ аԥсытәбара ацӡамызт, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит  9-ҩык.  

Амҩа-транспортә хҭысқәа реиҳарак 20 - 35 шықәса зхыҵуа ауаа рыла иҟаҵан. 2022 шықәса иалагӡаны аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа рыла иаарԥшын 1 656 инарзынаԥшуа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара.

Ижәны амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоуп 146 административтә ԥкаанҵа, амҩатә дырга аԥҟарақәа реилагара азы – 8, аԥысреи аманиоврҟаҵареи рзы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагара азы – 3.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагаҩцәа рганахьала ахылаԥшра арӷәӷәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.

«Ижәны амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа, иара убас ашәарҭадаратә маҟа аибаркра ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭатәуп», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.

Аминистр араион аҿы  аныцә алаҵара аԥхьырҟәҟәаара азы аструктуратә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа русура аганахьала агәынамӡара ааирԥшит.

Ҭҟәарчал араион иахьаҵанакуа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара афактқәа раарԥшра инамаданы  аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша инанагӡо аусура ишеим ахәшьара аиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.

Мрагыларатәи Аԥсны анҭыҵтәи аилатәара анаҩс иацҵахеит Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҿы. 2022 шықәса азы аусура аихшьаалақәа рзы адырра ҟаиҵеит амилициа араионтә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Беслан Жваниа.

2022 шықәсазы Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҿы ашәҟәы иҭагалан   41 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартын 35 цәгьоура, даҽакала иуҳәозар 85,4%. Ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рҟынтәи, 7 ацәгьоура бааԥсқәа рахь иаҵанакуеит, урҭ рахьынтә иаартуп 3, процентла уи 42.9% рҟынӡа инаӡоит.

2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 45 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартын 42, уи процентла  93,3% рҟынӡа инаӡоит. Ацәгьоура бааԥсқәа 10 рҟынтәи иаартын  9,  уи процентла 90,3%  рҟынӡа инаӡоит.

2022 шықәсазы абарҭ ацәгьоурақәа ҟаҵан:

Аӷьычрақәа – 8, иаартуп 5 (62,5%),

Ақәыларақәа – 1, макьаназы иаартӡам,

Изакәанымкәа абџьар ахархәара - 1/1 (100,0%),

Изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәара - 5/5 (100,0%),

Аԥстәбара зцым амҩа-транспорттә машәыр хҭыс - 1/1 (100,0%),

Егьырҭ ацәгьоурақәа - 26/24 (92.3%).

«Ашьаусԥшааратә ҟәша аҿы ԥхынҷкәынмза 31, 2022 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла,  99 ашьаусԥшааратә усеилыргара мҩаԥысуеит. Ашьаусԥшраара иаҵанакуа ауаа раанкылара азы аусура иԥсыҽны амҩаԥысра ҵаҵӷәыс иамоу зыԥшаара мҩаԥысуа ахаҿқәа реиҳараҩык Қырҭтәылагьы уахь иналаҵаны, Аԥсны анҭыҵ иахьыҟоу ауп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Жваниа.

Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аганахьала имҩаԥгаз ареидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа раан 169 пкаанҵа шьақәыргылан. Иааизакны иарбоу аҟәшеиҵа аусура  аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара иҽеим ахәшьара анаҭеит, убри аан акадртә еиҭакрақәа рзы аӡбамҭақәа ҟалар шалшо азгәаҭан.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара араион аҿы акриптовалиута арҳара иазку афермақәа раарԥшра азы аусура арӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟарҵеит.

Гал араион аҿы акартотекатә шәҟәы иҭагалоуп 452-ҩык ашәарыцаҩцәа, урҭ рыхьӡала иҟоуп 454 цыра ауаажәларратә бџьар:  445 цыра агәыцәеизада шәақьқәеи, иара убас агәыцәҵхаа шәақьқәа 9 .

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иара убас ауаажәларратә бџьар ашәҟәҭагалара аҿы ауааԥсыра ацхыраара шрыҭатәу азгәеиҭеит.

Иааизакны, аилатәара аҳәаақәа реихшьаалақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара атерриториалтә ҟәшеиҵа аусура иҽеим ахәшьара арҭеит. Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҿы акадртә еиҭакрақәа ҟалаӡом. исключаются кадровые изменения.                   


Read 230 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.