АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2023

ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИНХО АԤҲӘЫС ЗЗИН ЫҞАМ АРҨЫШЬЫГАТӘ ПРЕПАРАТ АԤСНЫҞА АИАГАРА ЛҼАЗЫЛШӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шәача ақалақь аҿы инхо аԥҳәыс 1979 шықәса рзы ииз Белова Карине Хачик-иԥҳа арҩышьыга маҭәашьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара, иара убас анаҩс аҭира азы Аԥсны атерриториаҟа алагалара азы ахарадҵа лыдҵоуп.  

Карине Белова Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы аҳазылхратә гәаҭара азона ахысра анаҩс даанкылан. Уи лнапылаеидара аҿы ахәшәқәа ирылаҵаны иҵәахны иаалгоз арҩышьыга маҭәашьар лыдырбалеит, уи амилициа аусзуҩцәа  илымырхит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҟны имҩаԥгаз аусҭҵаара ала, аԥҳәыс илымырхыз амаҭәашьар  - прегабалин акапан 12 грамм иреиҳауп.

Арперативтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшаара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гагара араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәша аоперативтә еилазаареи Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәеи.

Карине Белова дбаандаҩыртәит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 1, ахәҭаҷ 224/1 инақәыршәаны ихацырку аусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша.

 

 


Read 290 times - Аҩаша, 14 Жәабран 2023 22:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.