Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, «Аӡбаратә мчра азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 151, ахәҭа 2, апункт 3 инақәыршәаны, адепутатцәа Алхас Ҳагбеи Алмас Акабеи ркандидатурақәа азакәанԥҵаратә мчра аҟынтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рквалификациатә коллегиа ахь ралагалара азы Апарламент аилатәараҿы ашьақәырӷәӷәара азы адгалара ҟаҵоуп.
15.Жәабран.2023
АДЕПУТАТЦӘА АЛХАС ҲАГБЕИ АЛМАС АКАБЕИ РКАНДИДАТУРАҚӘА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АӠБАҨЦӘА РКВАЛИФИКАЦИАТӘ КОЛЛЕГИА АХЬ АДГАЛАРА МҨАԤГОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәлар Реизара-Апарламент ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рколлегиа ахь ралхра азы» Ақәҵара апроект алацәажәара иазкын ахаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара.