АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2023

АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АҞНЫ АԤСНЫ АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АҾЫ ИҞОУ АПРОБЛЕМАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Тамара Ачба, Алексеи Шамба/. Ауаажәларратә Палата аҟны аҩаша, жәабранмза  14 рзы, Аԥсны аенергетика аусхкы аҿы иҟоу апроблемақәеи ишьақәгылаз акризис алҵра азы амеханизмқәа рыԥшаареи ирызкыз аиԥылара мҩаԥысит.  

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» афымцахархәара Аусбарҭа (Энергосбыт) анапхгаҩы Алхас Ҷанба афымцамчтә инфраструктура иуадаҩу аҭагылазаашьа агенерациа азымхара амзызқәа ируакны иҟоуп. Аенергетика аҿы аҭагылазаашьа арҽеира алзыршо ҳәа иҟоу уи абонентцәа зегьы афымцаԥхьаӡагақәа рыла реиқәыршәара ауп, уи иабзоураны «Амшынеиқәафымцамч» аҿы иалагалахоит аинфраструктура аусура аиҿкаара иазкхо аԥаратә хархәагақәа.

«Еиҳа шәагаала идуу алагалақәа ракәзар, уи азҵаара ашәатәқәа реизгара ала мацара иузыӡбарым. Аҳәынҭқарра аганахьала адгылара ыҟазароуп, уи ада «Амшынеиқәафымцамч» аенергетика аҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәра алшаӡом», - ҳәа иҳәеит иара.

Жәлар Реизара-Апарламент VI ааԥхьара адепутат  Алхас Џьынџьал ишазгәеиҭаз ала, Аԥсны аенергетика аусхкы аҳәынҭқарра аҟынтәи амонополиатә хылаԥшра шамац ааныжьра хымԥадатәиуп, уахь иаҵанакуеит афымцамчгьы. Ҿырԥштәы ҳасабла иара иааигеит Украина. Уаҟа жәабранмза, 2022 шықәсазы Иҷыдоу Арратә Операциа алагаанӡагьы, аенергетика аусхкы аҿы ишьақәгыланы иҟаз алибералтә политика акыр атарифқәа рышьҭыхра ахь инанагеит.   Аенергетикатә коллапс алҵра азы ԥыхьатәи адепутат аԥхьа иргыланы афымцаԥхьаӡагатә приборқәа рышьақәыргылара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ԥыхьатәи анапхгаҩы Аслан Басариа аенергетикатә кризис ихадоу амзысқәа ааигеит -  иарбоу аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә политика аҟамзаареи амаининг алегализациеи. Аслан Басариа игәаанагарала, зегьы ирыцку – зегьы раасҭа ихадоу, ус иуҳәар ҟалозар, аидеологиатә зҵаара – афымцаенергетика иазутәу: алибералтә мҩа алхара, даҽакала иуҳәозар, аинвестр иԥшаара, мамзаргьы уи милаҭтәны ишыҟаз ааныжьра аку. Аҳәынҭқарра атарифқәа ахылаԥшра азы алшара аиуртә азы, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҳәынҭқарра ахатәраҿы иҟазароуп.

Аенергетика аҿиаразы иаҭаху аԥаратә хархәагақәа абааҳгари ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, иара аенергетика «амилаҭтә проект аранг аҟынӡа ишьҭыхтәуп», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афинанстәразы еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рхархәарагьы ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.   

«Аҳәынҭқарра ииашоу атехникатә знеишьақәа аԥшаар, иара убас урҭ ишахәҭоу ала ихшыҩркны афинанстәра азынагӡар, усҟан ҳхатәы мчқәа рылагьы хәыҷы-хәыҷла асистема амодернизациа азы шықәсык ахь 300-400 млн. мааҭ инаркны  миллиардк аҟынӡа рыԥшаара алшоит.    Уи жәаҳәарада, аеффект аиуеит, аха иаразнак изыҟаларым, уи аенергетикатә система акыр иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны 2-3 шықәса иреиҵамкәа иаҭаххоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Басариа.

Ус акәымкәа, зегьы аинвестрцәа рыҭара азы аӡбамҭа рыдыркылар, усҟан, уи иаанагаӡом аенергетика иаразнак инагӡаны ихымԥадатәиу аԥаратә хархәагақәа арҳауеит ҳәа.  Ишакәхалакгьы, ари аусхкы ахь алагала дуқәа ахәҭаны иҟоуп. Адәныҟатәи аинвестициа аҟаҵарала аҳәынҭқарра атарифқәа рышьақәыргылара азы формалла мацара алшара аиуоит.

Миллиардки бжаки рҟынӡа инаӡо акредит аиура азы азҵаара аҭак ҟаҵо, Аслан Басариа ихадоу апроблемақәа иреиуоу ауааԥсыра амчра аинститутқәа рахь ирымоу агәрамгара ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Араҟа аус злоу азҵаара аартра ауп, ауаа ирдыруазар ахәҭоуп акредит агара ҵаҵӷәыс иамоу, шаҟа еффективла, ихшыҩркны уи ахархәара мҩаԥысуа, насгьы, жәаҳәарада урҭ рыргьежьра зыхәҭаны иҟало атәы. Атәыла анапхгара иаарту, еилкаау апрограмма аарԥшра алшар, усҟан, иҟалар алшоит мышкы-зны ҳара акредитҟаҵара амҩа алаҳхыргьы. Иахьазы сара цқьа еилкааны исымаӡам урҭ аԥаратә хархәагақәа ахьныххо», - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Басариа.    


Read 252 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.