АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2023

АГӘЫӠЕРАТӘИ АРРАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РФОНД АЛА ИААХӘОУ АМЕДИЦИНАТӘ МАРУГАҚӘА ШЬАҚӘЫРГЫЛАХЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Ирена Џьопуа Аԥсныпресс азы/. Агәыӡератәи арратә хәышәтәырҭа аҟны 1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ала иаахәоу амедицинатә маругақәа шьақәыргыланы ахархәара иалагеит.

Ҳаамҭа иақәшәо аексперттә класс иаҵанакуа аультрабжьытә диагностика асканер, алапароскопиатәии аендоскопиатәии аԥҟарақәа рымҩаԥгара азы амедицинатә аппаратқәа, иара убас  урҭ ирыцу аныхтә маҭәахәқәеи аахәахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ала. Иарбоу аахәамҭа иақәхарџьхеит 8 млн. мааҭ.  

Иарбоу амедицинатә еиқәыршәагақәа ирыбзоураны афонд ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҳәаанырцәҟа имцаӡакәа ари ахәышәтәырҭа аҟны ргәабзиара амедицинатә ҭҵаарақәеи аԥҟарақәеи мҩаԥыргарц рылшоит. Ари афонд аныхтәқәа реиҵатәра адагьы аинвалидцәа ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара рыҭарагьы армариоит.

Афонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарбеи уи ихаҭыԥуаҩ  Емзар Ашуеи ахәышәтәырҭа иаҭааны ҿыц еиҭашьақәыргылоу ауадақәа рҿы ишьақәыргылоу, аусуразы ирхиоу амедицинатә хархәага ҿыцқәа рыблала игәарҭеит.  

«Еиҳа имариахоит ҳәа сгәы иаанагоит аветеранцәа Аԥсны анҭыҵ рышьҭра аасҭа аҭыԥаҿы ирыхәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара еиҿкаазар.  Убри аан иазгәаҭатәуп, аҳәаанырцә ацара зҭахым, мамзаргьы излымшо аинвалидцәа маҷымкәа ишыҟоу. Ҳара ззанааҭтә ҩаӡара ҳараку аҳақьым шьахәқәа ҳамоуп, урҭ ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә маругақәа рызхара рымаӡам умҳәозар. Убри иахҟьаны, имариоу амедицинатә процедура азыҳәангьы Аԥсны анҭыҵ уцар акәхон», - ҳәа иҳәеит Дмитри Ҭарба.

Аиқәыршәагақәа раахәара аԥхьа азҵаарақәа зегьы рыла арратә хәышәтәырҭа аҳақьым хадацәа ирыҿцәажәеит. Урҭ ахәҭакахьала, еиҳа актуалра злоу, еиҳа иаҭаху ашьақәыргыларақәеи аинструментқәеи рсиа шьақәдыргылеит.

Иара убас ахәышәтәырҭа анапхгараҭара ала ҿыц иаахәахо амедицинатә маругақәа ахьыҩнаргылахо ауадақәа реиҭашьақәыргылара шымҩаԥгахо азы еиқәшаҳаҭхеит. 

Арратә хәышәтәырҭа Хада анапхгаҩы Алиас Џьынџьал афонд аҟынтәи ироуз ацхыраара азы иҭабуп иҳәеит, уи ҿыц иаахәаз амедицинатә маругақәа ирыбзоураны ахәышәтәырҭа адиагностикатәии аоперациатәии алшарақәа акыр иарҭбааит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  Джинджолия поблагодарил фонд за оказанную помощь и отметил, что новое оборудование значительно расширило диагностические и операционные возможности госпиталя.


Read 220 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.