АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2023

КРИСТИНА ОЗГАН: АИНВЕСТИЦИАҚӘА РАЛАГАЛАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ПОЛИТИКА ИХАДОУ АХЫРХАҬАНЫ ИҞАЛАРОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвестициақәа ралагалара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хаданы иҟалароуп. Абри атәы иахьа имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәеи реиԥылара аҿы илҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

«Иарбанызаалак аинвестициатә проект ақәҿиара аиураны иҟам аҳәынҭқарра уи анагӡара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шьақәнамыргылар. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы еилкаауп, уи мааҭк иадамзаргьы иадгалоу аԥаратә хархәагақәа зегьы аҵакы ду рымоуп ҳәа апринцип ала ишьаҭарку аҳәынҭқарратә мчреи абизнеси раизыҟазаашьақәа роуп.  Аԥсҭазаара ишаҳнарбо ала, аекономика аинвестициақәа ралагалара азы иҟоу азакәанԥҵара аиӷьтәра аҭахуп, уи административтә ԥынгылақәа реиҵатәра алнаршоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Аҳәынҭқрра Ахада ила абарҭ ахырхарҭақәа рыла аинвестициатә политика ашьақәыргылара азы адҵа ҟаҵоуп:

Хазы игоу аекономика аусхкқәа, атуризм, ақыҭанхамҩа, ааглыхра уахь иналаҵаны, адгылара рыҭара. Ахықәкы хаданы иҟоу – атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи иарбоу аусхкы аҿы амаҵзурақәа рынагӡара аинфраструктура аҿиара ацхыраара аҭареи, атуристтә обиектқәа афатә аалыҵқәа рыла реиқәыршәареи, иааизакны ареспублика аекспорттә потенциал аизырҳареи.

Ауааԥсыра аусуратә ҭыԥла ала реиқәыршәара ,- ари аҳәанҭқарра асоциалтә политика афактор хада аҳасабала изнеитәу зҵаараоуп.

Атерриториалтә ҿиареи арегионқәа рсоциал-економикатәи ҿиареи рганахьала иҟаҵахо адгылара  аиҟарара.

Аинфраструктура (аенергетикатә, атранспорттә, анџьныртә) модернизациа.

Абжьаратә занааҭҵара змоу аспециалистцәа разыҟаҵара асистема ахь иҿыцу азнеишьақәа рхархәара. 

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр иҟаҵоу ауснгӡатәқәа рзы адырра ҟалҵеит.

2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа шьақәырӷәӷәоуп. Уи анагӡара азы ихадоу арбагақәа алкаахеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аинвестициатә усура азы» азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагаларагьы уахь иналаҵаны, иааизакны аинвестициатә усура аиҿкаара шьақәзыргыло азакәан апроектқәа ахәаԥшразы Апарламент ахь инашьҭуп.

«Иарбоу аус аҿы ихадоу аиҭакрақәа Аԥсны, иаагозар, атранспорт, амшынтә баӷәазақәа, аҳаирбаӷәазақәа, аихамҩа, ӡыла аиқәыршәара, аӡымҩахгара, агазификациа, уҳәа реиԥш иҟоу,  астратегиатә ҵакы змоу аинфраструктуратә проектқәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Аинвестициатә еидгыларақәа рзы азакәан апроект иаку аиуристтә хаҿы аԥҵарада апроектқәа реицынагӡараан алахәылацәа русеицура еиҿнакаауеит.

Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкылеи зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаарақәеи акционертә еилазаарақәеи рзы азакәанқәеи рахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи рыпроект акорпоративтә  еиқәшаҳаҭра еиԥш иҟоу аинструмент алагалара азԥхьагәанаҭоит.

Урыстәылатәи аган алархәны Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара мҩаԥган. Иарбоу апроектқәа иазԥхьагәанаҭо ахәԥса миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

«Аиқәшаҳаҭра, апроект аусура алагалара инаркны  8-шықәса рыбжьара ахашәалахәы азы ашәахтәи амазара азы ашәахтәи ршәара аганахьалагьы уахь иналаҵаны, апроект ашәахтә зинҷыдеи аԥыжәареи рыҭара аҳасабала иназыцҵоу аҳәынҭқарратә дгылара азԥхьагәанаҭоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кристина Озган.

Иарбоу апроектқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа аргыларатә маҭәахәқәа раагара азы ашәахтә зинҷыдақәеи аԥыжәарақәеи, иара убас иаԥҵоу аобиеткқәа рхатәра азы азини апроектқәа рынагӡараан адгьылтә ҵакырақәа рхархәаразы азини рыхьчара азԥхьагәаҭоуп. Аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьақәа иара убас Аԥсны аиуристә хаҿқәа рызгьы иаԥҵахоит.

Ихыркәшоуп аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭахацыркреи рзы аинвестициатә проект анагӡара азы анапхгарабжьаратәи апроект аус адулара.  Уи инаваргыланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәеидкылеи аҳаиртә ҵакыра амаҵзура азы анапхгарабжьаратәи еиқәшаҳаҭра апроекти  аус рыдулара мҩаԥысуеит. Авиациатә персонал разыҟаҵара иазку аусура мҩаԥысуеит. Аҳаирбаӷәазатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иазку апроект-харџьырҵатә документациа аус адулара  аҳәынҭқарратә експертиза иахысуеит.

Аԥсны аусхкытә приоритетқәа рыла атерриториақәа ралкаара ахьышьақәырӷәӷәам, насгьы аҵакырақәа рыҿиара азы аплан хада ахьеиқәыршәами инарымаданы, урыстәылатәи аинститут ала еиқәыршәаз Аԥсны атерриториалтә ҿиара азы асхема ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьа ахь аигара азԥхьагәаҭоуп.

Еиҭамҵуа амазара аобиектқәа ркадастр асистема аиқәыршәара азы актәи аетап хыркәшоуп. Комплексла аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп. Иарбоу аусхкы аҿы аусура шьақәзыргыло анормативтә шәҟәынҵақәа анрыдыркылалак ашьҭахь акадастр асистема аус аулоит 2024 шықәса азы.

Аԥсны агазификациа асхема хада аус адулара хыркәшоуп. Хара имгакәа иарбоу апроект афинанстәра ахыҵхырҭа алкаара иадҳәалоу азҵаара аӡбара азԥхьагәаҭоуп.

«Атуристтә усхкы иаҵоу аҵакы ахадара ҳасаб азуны, апарт-отельқәа рыргылара уахь иналаҵаны, атуризм хазы игоу ахырхарҭақәа рыҿиара мҽхакы ҭбаала аинвестициақәа ралагалара алзыршо иманшәалоу  аҭагылазаашьақәа раԥҵара хымԥадатәиуп», - ҳәа илҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. сказала Кристина Озган.


Read 236 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.