АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2023

АТУРИЗМ АМИНИСТР ҬЕИМУРАЗ ХИШБА АПАРТ-ОТЕЛЬҚӘА РЫРГЫЛАРА АПЕРСПЕКТИВРА ЗЛОУ УСУП ҲӘА ИԤХЬАӠОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба апарт-отельқәа рыргылара ҳәа иҟоу атуристтә усхкы аҿиара ахырхарҭа аперспективра алоуп, насгьы апарт-отельқәеи аппартаментқәеи рзинтә шьаҭа ашьақәыргылара азы анормативтә актқәа  хымԥадтәиуп ҳәа иазгәеиҭеит. Абри атәы иара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла абизнес еилазаара ахаҭарнакцәеи реиԥылара аҿы иҳәеит.

Аминистр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны атуризм аҿиара амҽхак иааубаратәи иазҳаит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уажәы ареспублика аҿы аԥсшьаҩцәа раангыларазы  788 ҭыԥи  39 нызықь инареиҳаны ашьҭаларҭа ҭыԥи ыҟоуп. 2021 шықәсазы ҳара атуристцәа ррекордтә хыԥхьаӡара ҳадаҳкылеит –  миллионки бжаки инареиҳаны, 2022 шықәсазы ҳара иҳадаҳкылеит 1 млн. 145 нызықьҩык аԥсшьаҩцәа. Уи еиҳа имаҷуп, аха аԥхьа иргыланы лаҵарамзеи рашәарамзеи рзы иҟаз аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ирыдҳәалахеит.   Атуристтә усхкы аҿы аус руеит 30 нызықьҩык инареиҳаны ҳтәылауаа. Атуристтә усхҟы иҟан, иҟоуп, ааигәатәи аамҭазгьы акыр зҵазкуа усхкны, акыр зҵазкуа ҳауаажәлар рыԥсҭазаара иахәҭакны иҟалоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Егьырҭ атәылақәа ирҿырԥшны Аԥсны атуризм аҿиара амҩаԥысшьа далацәажәо, аминистр иазгәеиҭеит:  

«Сара исҭахуп шәара аганахьала, Аԥсны атәылауаа раҳасабала акәымкәа уи асасцәа реиԥш иарбоу азҵаара шәахәаԥшырц. Шәача ақалақь аҿы XXII Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥгара ашьҭахь – ари зынӡа даҽа қалақьны иҟалеит, уи иахьа апарт-отельқәа рыргылара абзоуралагьы адунеизегь еицырдыруа акурорт ауп. Шәача ақалақь акурортә обиектқәа алшықәсанык атуристцәа рҭаауеит. Қырҭтәыла иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, иахьа Қарҭ ақалақь Европа иреиӷьу ақалақьқәа иаҿдырԥшуеит. Қырҭтәыла атуристтә центрны иҟоу ақалақь Баҭым Палермо иаҿдырԥшуеит, уи аԥшьараамҭа ахгаразы иреиӷьу ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп».

Аминистр иажәақәа рыла, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, аобиективтә мзызқәагьы уахь иналаҵаны, ҳара ҳааигәа-сигәа иҟоу атәылақәа раасҭа аиҵахара ҳамоуп.  

«Жәаҳәарада, ҳара зеиӷьаҟам аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ҳамоуп. Ҳара ҳасасдкылара аӡәырҩы ахнахуеит, аха агьырҭ ахырхарҭақәа рыла аиҵахара ҳамоуп, убри аҟнытә ԥхьаҟа ҳазгаша ашьаҵа аҟаҵара хымԥадатәиуп, апарт-отельқәа рзы азакәан адкыларалагьы уахь иналаҵаны», - ҳәа иажәахә хыркәшо иҳәеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба.


Read 250 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.