Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа аӡахәааӡара, ацитрус шәырқәа раарыхра, арԥхагатә нхамҩақәа рыҿиара, еиуеиԥшым ашәырқәа реиҭаҳара, уҳәа аинвестициақәа ралагалара ахәҭаны иҟоу аперспектива злоу ақыҭанхамҩа ахырхаҭқәас иԥхьаӡоит. Абри атәы Аслан Бжьаниеи абизнес еилазаара ахҭарнакцәеи реиԥылара аҿы дықәгыло иҳәеит иара.
Уи зыдҳәалоу атәыла аҿы ацитрустә шәырқәа рааӡара азы адгьылқәа рҟызаара ауп.
Аԥсны иааизакны ақыҭанхамҩа дгьылқәа – 200 622 гектар рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә 30 445 гектар – ари еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны акыраамҭа изқәымаарыхуаз дгьылқәоуп.
«6 нызықь гектар рҟынӡа акыраамҭа изқәымаарыхуаз адгьыл ацитрустә шәырқәа раарыхра азы ахархәара ҟалоит». 90-тәи ашықәсқәа рзы 11 гектар рҟанӡа адгьыл аҿы ацитрустә плантациақәа ыҟан. Иахьа акәзар, уи 3 нызықь гектар рҟынӡа ауп иахьынаӡо. Аҽаҩра бзиа аан азеиԥш еизга 55 тонн рҟынӡа инаӡоит, гектарк аҟынтәи 5 тоннак еиҳамкәа еизгахоит. Аибашьра ҟалаанӡа 120 нызықь тонн ацитрустә шәырқәа анеизыргоз еиԥш иҟаларц азы ихымԥадатәны иҟоуп даҽа 6 нызықь гектар адгьыл ахархәара», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Џьопуа.
Ақыҭанхамҩа азы Аҭҵаарадырратә Институт адыррақәа рыла, гектарк аҿы ацитрустә шәырқәа реиҭаҳара иартәоит 645 нызқьи 243 мааҭ, уи ахылаԥшра – 200 нызықь мааҭ.
«Ҳара ҳинститут ааиҭаҳатәқәа рааӡарҭа аиҿкаара иазхиоуп. Урҭ 6-шықәса рыҩныҵҟа раԥхьатәи ашәыр рҿало иалагоит. Ари аҵан ҵлақәа рыхкы ауп. Аплантациақәа рышьақәыргылараан иҟаҵаз ахарџь ашәоит 9 шықәса рыла», - ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.
Ацитрустә шәырқәа рыплантациақәа реиҭашьақәыргылара азҵаара аӡбара еиԥш иӡбатәны иҟоуп иаарыххо ашәыр аус адулареи аҭиреи рыпроблема.
Беслан Џьопуа атәыла аҿы аусдуларатә наплакқәа раартра актуалра шьақәзырӷәӷәо конкретла ишьақәыргылоу арбагақәа ааигеит. Шықәсык мацара ала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иаагахоит 1,5 нызықь тонн рҟынӡа еиуеиԥшым ашәырӡқәа.
«Ауҭраҭыхқәа раарыхреи арԥхагатә нхамҩақәа раԥҵареи рганахьалагьы абарҭ арбагақәа аазгарц сҭахуп. Шықәсык ала Аԥсныҟа иааргеит 51 712 тонн ауҭраҭыхқәеи 41 нызықь тонн инареиҳаны ахшхарҵә аалыҵи. Ари зегьы аҭыԥаҿы иҭужьыр ҟалоит, уи аԥаратә хархәагақәа ареспублика аҟынтәи ралгара армаҷыр алшоит. Ас еиԥш апроектқәа рынагӡара азы аинвесторцәа иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵатәуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.