АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ ИРШЬЫЗ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АДИПЛОМАТЦӘА ДМИТРИИ ОЛЬГЕИ ВИШЕРНИОВАА РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023. Апсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы Адипломатиатә усзуҩ Имш аҽны Аԥсны иршьыз урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит.  

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба,  Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа.  

«Вишернев иԥшәмаԥҳәыси иареи зынӡа иқәыԥшқәан, урҭ гәымбылџьбарала ирықәланы иршьит цәыббрамза, 2013 шықәса рзы. Вишерниоваа рҭаацәа рҭахара – адипломатиатә усура егьа иҭынчу занааҭны ахы унарбозаргьы, уи уеизгьы ашәарҭара ацны иҟалар шалшогьы лабҿаба иунарбоит.  Аԥсни ҳара ҳҳәынҭқарреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, аха атәылақәа жәпакы рҿы, аиҳарак мраҭашәаратәи атәылақәа рҿы, ҳдипломатцәа ҳусура адискридитациа иазкны мҽхакыҭбаала имҩаԥысуа аурысҿагыларатә усура иарҿиаз аҭагылазаашьа аҿы аус рулар акәхоит.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Адипломатиатә усзуҩ Имш рыдыиныҳәалеит.

«Ари аныҳәа Урыстәыла Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала  2002 шықәса рзы ишьақәырӷәӷәан. Уи арыцхә алхрагьы машәыршақәа иҟамлаӡеит.  Иван Грозныи иаамҭақәа раан ацҳаражәҳәарҭатә дҵа шьақәырӷәӷәан, убри азыҳәан ауп ари амш залххазгьы. Ари имариам аамҭа азы ишәзеиӷьасшьоит ахирра, ачҳара, шәусура аҿы аихьӡара дуқәа …  Ҳара иахьа иаҳгәалаҳаршәоит Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа,  акыр иаԥсоу ауааи адипломатцәеи.  Иахьа ҳара иара убас даҳгәалаҳаршәоит Ҭырқәтәыла аус зуаз Андреи Карлов.  Сара уи хаҭала идырреи аус ицуреи рзы насыԥ сыман. Уи сыԥсҭазаараҿы имаҷымкәа дсыцхраахьан. Змаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз адипломатцәа  ргәалашәара лашазааит», - ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.

«Иансаамҭаз сара Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азы аҭагылазаашьа шьахә соуит.  Убри нахыс ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа активла аҿиара иаҿуп. Урыстәыла Аԥсны адгылара дуӡӡа анаҭоит.

Аԥсны ахәҭакахьала Урыстәыла аганахьала аиашьаратә зыҟазаара аанарԥшуеит.  Иахьа адунеи аҿы  аԥсҭазаара аиҿкаашьа асистема  аԥсахра азы ахҭыс дуқәа мҩаԥысуеит. Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа иахьа аиӷацәазаареи аҩызареи рзы агәҭакқәа змоу лабҿаба иаҳнарбоит.  Ишырҳәо еиԥш, арыцҳара аҿы ауп аҩызара атәы ахьеилукаауа. Ари иуадаҩу аамҭа азы ҳара ҳтәылауаа рыжәҩахыр еибыҭа егьырҭ ажәларқәа ирывагыланы  ҳаиҳабацәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  аан рхы зқәырҵоз апринципқәа рыхьчоит» – ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр, иахьа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩыс иҟоу Сергеи Шамба. 

Дмитрии Ольгеи Вишерниова Владимир Путин ила  ԥсрашьҭахь Афырхаҵара Аорден ранашьоуп. Урҭ хаҭала издыруаз ҳалоуп иахьа абра. Урҭ ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит»,  –  ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Актәи амаӡаныҟәгаҩ Дмитри Вишерниов цәыббрамза  9, 2013 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы, иҩны азааигәара игылаз агараж аԥхьа ихы еихсны дыршьит.  Уи иԥшәмаԥҳәыс ахәра лоуит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ахәышәтәырҭа аҿы лыԥсҭазаара далҵит.

Цәыббрамза 19 рзы Аԥсны амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа ареспублика Ахада Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи адипломати уи иԥшәмаԥҳәыси рышьра иадҳәалоу ацәгьоура аартуп ҳәа  адырра ирҭеит. Анапхгарабжьаратәи аоператив-усеилыргаратә гәыԥ (Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, апркуратура Хада) русеицура иабзоураны  ацәгьоура ҟазҵаз ихаҭара ашьақәыргылара алыршахеит. Уи уаанӡа Чечентәылатәи Ареспублика Ачхои-Мартановтәи араионтә ӡбарҭа ала изакәанымкәа иаԥҵаз ибџьарку аиҿкаара алахәхареи ацәгьа ацҟаҵареи рзы ахарадҵа здыз, 1988 шықәса рзы ииз, ақ. Грозныи аҿы инхоз, лаҵарамза 6, 2011 шықәса рзы абахҭа иҭыҵыз Лакаев Иусуп Маир-Алиев-иԥа иакәхеит.


Read 272 times - Ахәаша, 10 Жәабран 2023 16:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.