АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҶЫДАЛКААТӘ ЗИНМЧЫ ЗМОУ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИН АДИПЛОМАТИАТӘ УСЗУҨЫ ИМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Адипломатиатә усзуҩы имш идиныҳәалеит.

Аслан Бжьаниа ахә ҳаракны ишьеит Урыстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны илагаламҭа.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа! Азин сышәҭозар, Шәаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәагьы ишәыдысныҳәаларц сҭахуп шәзанааҭтә ныҳәа – Адипломатиатә усзуҩы имш.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Шәара шәнапхгарала аус ауеит урыстәылатәи адипломатиа иреиӷьу атрадициақәа инарықәыршәаны. Шәара шәыпрофессионализм, шәыпринципра, аус шәазыҟазаашьа аԥсны-урыстәылатәи аиҩызаратә еидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхараауеит.

Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп Шәаргьы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәагьы агәабзиара, ахирра, адипломатиатә усураҟны аҭынчреи аихьӡарақәеи!»


Read 241 times - Ахәаша, 10 Жәабран 2023 15:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.