АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2023

ҬЕМЫР ГӘЛИА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИА АЗЫ АКОМИССИА АИЛАЗААРА ДАЛАГАЛОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реизшареи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилазаара далагалоуп. Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Акомиссиа аилазаара ҿыц Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәан ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса рзы.  


Read 261 times - Аԥшьаша, 09 Жәабран 2023 18:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.