АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Жәабран.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР АДИПЛОМАТИАТӘ УСЗУҨЫ ИМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабрамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Адипломатиатә усзуҩы Имш идиныҳәалеит.

 Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа   – Адипломатиатә усзуҩы Имш.

Адәныҟаполитикатәи уснагӡатәқәа есҽны рыӡбараан Урыстәыла адипломатцәа адунеи аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара иазку акырӡа зҵазкуа амиссиа рыдуп. Урыстәылатәи адипломатцәа раҳаҭыри, рыпрофессионализми, азинеиҟарареи рпартниорцәа рҳәынҭқарратә хьыԥшымра ҳаҭырла азнеиреи рыпринципқәа рықәныҟәара иалдыршоит ишәоу-изоу, лыҵшәа змоу Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика амҩаԥгара.

Ареспубликаҟны ахә ҳаракны иршьоит Урыстәылатәи адипломатиатә усзуҩцәа иныҟәырго арҭ аҟазшьақәа. Урҭ раҳаҭыр, рыпрофессионализм, рыпринципра ианыԥшуеит хаҭала Шәара, Сергеи Виктор-иԥа, Аԥсни Урыстәылеи аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аус аҟны шәлагаламҭа.

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа!  Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәыдысныҳәаларц  сҭахуп Шәара хаҭала, иара убасгьы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа зегьи аветеранцәеи, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, Аԥсадгьыл амаҵураҟны аиааира ҿыцқәа».

 

 


Read 265 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.