Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политикаазы аилак инарҭбаау аилатәараАԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны адепутат Кан Кәарҷиа иаԥшьгарала имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политикаазы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәара азкын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра азҵаара.
Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба имҩаԥигаз аилатәарахь дааԥхьан Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациа азуреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.
Аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц, Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациа азуреи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Ладариа, ауаажәларра, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Аилатәараҟны ажәахә ҟаиҵеит Аилак алахәҩы Кан Кәарҷиа. Уи дрылацәажәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра аҳәынҭқарратә експорттә кредит аҭаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара иаҵаҩыз 2010 ш. ԥхынҷкәынмза 24 аҟнытә Аиқәшаҳаҭра азҵаарақәа ирыдҳәалоу аматериалқәеи аналитикатә лкаақәеи, Аҟәа адгьылҵакырҟны иҟоу ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа қьырала аҭареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект (аҳәынҭдача «Пицунда») ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра азакәанԥҵара ақәнагареи ртема.
Аимак иҟаз рҽаладырхәит аилатәарахь иааԥхьаз, ишьҭыхыз азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа рҳәеит, адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.