Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Астанциа «Аӡҩыбжьа» аҿы аихамҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара азы аусурақәа хыркәшахеит. 300 метра рҟынӡа инаӡо аучасткақәа ҩба рҿы (аихабетонтә шпалақәа рҿы) арельса-шпалтә еихыршь аҿыц ала иԥсаххеит.
Убас ала, Аҟәа-Очамчыра еимаздо ихадоу ахырхарҭа ала маҷк ада амҿы иалху ашпалақәа зегьы аихабетонтә рыла иԥсаххеит.
«Аԥснытәи Аихамҩа» рҿы ишазгәарҭаз ала, 2022 шықәсазы иарбоу аучасток аҟны 2 км. рҟынӡа инаӡо аихамҩатә қәыԥса аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» ҳазҭоу ашықәс азы Аԥснытәи аихамҩа аужьҭратә лшара аизырҳаразы иахәҭоу аусурақәа зегьы рымҩаԥгара иацнаҵоит.