Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭыԥ-ҭыԥла аамҭа-аамҭалатәи афымцамч аҿыхра инамаданы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь аенергетика азы акомиссиа аԥаҵаразы даҽазныкгьы ажәалагала ҟалҵеит.
Абҵарамза 24, 2022 шықәса рзы Асида Шьаҟрыл иарбоу аԥшьгарала дықәгылахьан.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл лгәаанагарала, ас еиԥш акомиссиа аусура ареспублика аҿы аенергетикатә кризис аҭышәынтәалареи ауаа рзинқәа рыхьчареи роуп ҷыдала изызку. Акомиссиа Аԥсны аенергетика аҭагылазаашьа ахәшьара анаҭар ҟалон, иара убас ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа системала алҵра азы апрограмма ашьаеқәыргылареи Аԥсны аенергетикатә усхкы аҿиара аконцепциа аиқәыршәарагьы алшарын.
Асида Шьаҟрыл лгәаанагарала, «акомиссиа еффективла аусуразы еиуеиԥшым аполитикатә мчрақәа рыбжьара аконсенсус абжьаҵарала уи аилазаара ашьақәыргылара хымԥадатәиуп. Усҟан уи абжьахәаахәҭратә цәажәарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи аенергетикатә проблема аӡбаразы амҩа аԥшаара иазку аконструктивтә диалог ашьақәыргылареи алнаршон».
«Рыцҳарас иҟалаз, аенергетикатә усхҟы аҿы иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩуп, иара убас уи иадҳәаланы ессаира аибарххара иаҿу аполитикатә кризисгьы Аԥсны ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчареи, иара убас иааизакны аҳәынҭқарра ашәарҭадара аусгьы акыр хра злам анырра анаҭоит», – ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Асида Шьаҟрыл.