АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жәабран.2023

БАДРА ГӘЫНБА АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРЕИ ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРЕИ ИРЫЗКУ АЗҴААРАҚӘА РЫЛА АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Афымцамч ала аиқәыршәареи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи ирызку азҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба ихантәаҩрала имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәара иалахәыз аекономика аминистр Аԥсны иҟоу арезервқәа рзы арбага хадақәеи афымцамч ахархәара адинамикеи рзы иҟалҵаз ажәахә иазыӡырҩит.

Ажәахә инақәыршәаны, ҳазҭагылоу аамҭазы афымцамч ахархәхара арбагақәа 10 млн кВт/с рҟынӡа инаӡоит, ас еиԥш иҟоу ахархәара анорма аан Урыстәылантәи иаауа афымцамч ала ишьақәгыло арезерв аӡын-ааԥынтәи аамҭахәҭа мацра акәым, 2023 шықәса ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭгьы иазымхар алшоит. Инамыцхәхны ахархәара ихадоу амзыс – акриптоваллиута арҳара азы ашьақәыргылагақәа изакәанымкәа раҿакра ауп.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили Аԥсны араионқәа рҿы инамацхәны афымцамч ахархәара аарԥшра азы иҟаиҵаз ажәахә алацәажәараан атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб араионтә фымцатә каҭақәа русура ахшыҩзышьҭа аҭара ахәҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит, избан акәзар араҟоуп изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа реиԥш урҭ русура азы ихымԥадатәиу амчхаратә трансформаторқәагьы раҿакра ахьзалыршахо.  

«Араионтә афымцамҩангагатә Станциақәа зегьы доусы рааигәа-сигәа, рраионқәа, рықалақьқәа рҿы имҩаԥысуа атәы шьахәлаҵәҟьа ирдыруеит. Ҳра иаҳҳәаӡом урҭ изакәанымкәа акриптовалиута арҳара апроцесс  ишашоу иалахәуп ҳәа.  Иҟалар ҟалоит уи ишашоу ишалаху шьақәырӷәӷәахаргьы.  Насгьы иҟоу дырны аус ахамыҵгыларагьы цәгьоуроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Аҳәынҭстандарти рыда ҳара акгьы ҳалшарым. Шәара афымцалашараԥхьаӡагақәа русушьа агәаҭареи урҭ рыҟазаареи рыҟамзаареи аилкаареи рзы анхарҭақәа рыҩналаразы анормативтә зин шәымоуп. Ҳара иаҳжьода? Ҳхала ҳхы ҳжьоит ауп иаанаго. Амаининг-фермақәа змоу  ирыхҟьаны ауааԥсыра зегьы гәаҟуеит! Уи шьҭа иаци иацжәацтәи амшқәа рыла зегьы еилыркаауеит. Инацҵаны афымцамч аашьҭра алыршахан, иаҳнаҭеи уи? Зегьы аалаган хыма-ԥсыма раппаратқәа аҿаркит», –  ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Аԥсны ауаатәыҩса зегьы ирныруа азҵаара иаҵоу ҷыдала ихадоу аҵакы ҳасаб азуны  изакәанымкәа акриптоваоиута арҳара аҿагылара азы араионтә штабқәа русура арӷәӷәареи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала Ареспубликатә штаб Хада аԥҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа нызыгӡо Рамин Зингишвилии Аԥсны Аҳәынҭстандарт ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа алархәны араионқәа зегьы рҿы изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәеи урҭ рымчхара аизырҳара иазку атрансформаторқәеи афымцамҩангагатә цәаҳақәа раҿакра аԥхьырҟәҟәаара азы агәаҭарақәа мҩаԥыргарц азы анапынҵақәа риҭеит.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иара убас Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны афымцамч ахархәара адинамикеи аҟазшьарбақәеи, иара убас ахархәаҩцәа афымцамч ала реиқәыршәара аамҭала иалагалоу аԥкрақәеи  рзы есыҽны ауааԥсыра адырра рыҭаразы азԥхьанҵа ҟаҵоуп.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи изакәанымкәа иаҿаку аиқәыршәагақәа раҿыхреи рықәгареи рзы адҵа рыҭоуп. Ирымхыз аиқәыршәагақәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы агәаҭара ашьҭахь, иара убас иарбоу аиқәыршәагақәа раагара азы аинформациа аҟамзараан, аконфискациа мҩаԥгахоит.  

Иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа зегьы иарбоу аппаратқәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны,  акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рсервистә маҵзуреи раагареи иазкны, асоциалтә каҭақәеи рыла  алаҳәарақәа рыҟаҵарала уахь иналаҵаны, аус зуа аиҿкаарақәа зегьы ргәаҭара амҩаԥгара азы адҵа ҟаҵоуп.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб,  аԥыза-министр ихаҭыԥуҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцымч» адиректор Хада инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили, атәыла аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба.  

 

 


Read 248 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.