АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АСЛАН БЖЬАНИА ВЫРАЗИЛ СОБОЛЕЗНОВАНИЕ БАШАР АЛЬ-АСАД ШЬАМТӘЫЛА ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИНАМАДАНЫ ДИДЫШШЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Башар Хафез-аль Асад дидышшылеит.

Адышшыларатә шәҟәы атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шәаҳаракыра!

Гәалсра дула Аԥсны ирыдыркылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҩада-мраҭашәаратәи апровинциақәа рҿы иҟалаз арыцҳара ду зцу адгьылҵысра азы ажәабжь хьанҭа.

Ари шәтәыла азы акыр иуадаҩу аамҭа азы Аԥсны жәлар ахьӡала, хаҭала сара иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи срыдышшылоит, ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгыларц азы  алшара рзеиӷьасшьоит».

 


Read 235 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.