Аминистр ихаҭыԥуаҩ Еснаҭ Лакербаиа иажәақәа рыла, 45 шықәса рыла ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа акыр аиҭакрақәа ирхысхьеит, убри аҟнытә аҳәынҭқарратә нотариусцәа ас еиԥш ирҿыцу, ҳаамҭа иақәшәо аусшәҟәы аиура рҭахын. Аиқәыршәаҩцәа иарбоу аусшәҟәы излауа ала аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аҭыԥантәи ахаланапхратә усбарҭақәеи аус рыцура, иара убас атәылауаҩра-зинтә еизыҟазаашьақәеи аҭаацәаратә закәанеидкылеи, анхара-коммуналтә нхамҩаеи акоммуналтә маҵзурақәеи, уҳәа иазырхоу аизыҟазаашьақәа аныԥшуа иҟалартә еиԥш аҟаҵара рҽазыршәеит.
«Иҿыцу аусшәҟәы аҿы иҟам араионқәеи ахьӡқәеи рахь азхьарԥшқәа ҟалаӡом, иара убас лассы-лассы азиндырратә еиҿагылара цәырызго иҟоу азакәан иақәымшәо апунктқәеи аҭыԥ роуӡом. Ҳара жәаҳәарада еилаҳкаауеит ԥырашәа змам аинструкциа шыҟам, аиқәымшәарақәак цәырҵыр, урҭ рырҽеиразы аоперативла аусурагьы ҳазхиоуп», - ҳәагьы инациҵеит аминистр.
Анри Барцыц иажәақәа рыла, аинструкциа ҿыц азинмчы аиура – ари иналукааша адипломатиатә иааироуп ҳәа иуҳәар алшоит, избан акәзар, Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика ҳәа изну аусшәҟәы аҭоурых аҿы иаанхоит, уи уаҳа Аԥсны ахархәара аиуӡом.