Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны атәанчахәқәеи аԥаратә цхырагӡатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 2022 шықәсазы 1 011 – ҩык рыла еиҳахеит, иагьынаӡоит 49 528-ҩык рҟынӡа, ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Атәанчахәы ацҵа зауа рхыԥхьаӡара 11 845-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи 2021 шықәсазы иҟаз рхыԥхьаӡара асҭа 1 617 – ҩык рыла еиҳауп», - ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.
2022 шықәса алагара инаркны ԥхынҷкәынмза 27 аҟынӡа атәанчахәқәа рыцҵақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 307 млн 837 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡон, уи 2021 шықәсазы иҟаз арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, 99 млн 706 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.
2021 шықәса аиԥш зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәан 208 131 нызықь мааҭ.
Денис Гәылариа ашәатәқәа рынагӡара аганахьала изеиԥшразаалак аиҵахарақәа ыҟаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара иҟаз ашәатәқәа рганахьала иҟаз аиҵахарақәа зегьы наҳагӡеит. Ԥхынҷкәынмза 26 рзы ҳара иахыҳаԥхьаӡалеит атәанчахәқәеи ԥхынҷкәынмзазы аԥаратә цхыраагӡатәқәеи. Атәанчаҩратә фонд уалда иҿыцу 2023 шықәса иаԥылоит», - ҳәа иажәахә хыркәшо иҳәеит иара.
© АПСНЫПРЕСС