Амазаратә комплекс «Аҟәатәи аԥсыӡкратә нхамҩа» (ақ. Аҟәа, Адлеиба имҩа, аҩ.№ 19) априватизациа иаҵанакуа аобиектқәа рхыԥхьаӡара иалагалахеит. Аминистрцәа Реилазаара уи априватизациа аҭагылазаашьақәа зегьы шьақәнарӷәӷәеит. Аминистрцәа Реилазаара уи априватизациа аҭагылазаашьақәагьы шьақәнарӷәӷәеит.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Асанаториа «Абхазия» асанаториа «Абхазия» амазаратә комплекс ахәҭак қьырала аҭаразы ӡбамҭа рыдыркылеит.
Аминистрцәа Реилазаара Гәылрыԥшь араион Ахадара Гәылрыԥшь аҳабла иҟоу, 0,06 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл ахәҭа «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «аиланхарҭатә ҭыԥқәа рзы адгьыл» акатегориа ахь аиагаразы иҟанаҵаз ажәалагала иадгылеит.
Иара убас Аминистрцәа Реилазаара аҟынтәи ақәшаҳаҭра аиуит ақалақь Пицунда (ԥыхьатәи аԥсаатәфабрика иахьаҵанакуа) иҟоу, 0,53 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыд ахәҭа асасааирҭа аргыларазы Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «ЭкоРед» ахархәаразы аҭара азы Гагра араион Ахадара иҟанаҵаз ажәалагала.