Ԥшьҩык аишьцәа Лашәриаа ранду Замира Гогиа илыцны ақалақь ахада иҟны инеит. Уи ахәыҷқәа рани раби анҭаха ашьҭахть рааӡара лхахьы илгеит. Аиаҭымцәа рабикунцәа Беслан Ешба традициала иҟаиҵаз адныҳәалареи аҳамҭақәеи рзы иҭабуп ҳәа иарҳәеит.
27.Ԥхынҷкәын.2022
АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АХАДАРА АҾЫ АҞӘА АУААԤСЫРА ҾАРАЦӘА ИААИУА АШЫҚӘС ҾЫЦ АНЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы гәыԥҩык ақалақьуаа ҿарацәа иааиуа аныҳәа рыдырныҳәалеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.
11-ҩык аиаҭымцәа-ахәыҷқәа ақалақь Ахадара ахь инеит.
Аҳҭнықалақь ахада ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа ранеишьеит.
Беслан Ешба иара убас ихатәы ԥарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рыцыԥхьаӡа хәба-хәба нызықь мааҭ ҳамҭас ириҭеит.