Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Ареспублика Никаргуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи реиԥылара.
Инар Ладариа Лаша Ашәба адырра ииҭеит Никарагуа Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусура аихшьалақәа ртәы. Урҭ алацәажәеит Ацҳаражәҳәарҭа аԥхьаҟатәи аусура атәы.
Инар Ладариа Лаша Ашәба изеиҭеиҳәеит Никарагуа Ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиаҟны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ртәы. Убри аан иара иазгәеиҭеит Никарагуа Ареспублика адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи иареи рыбжьара аимадара ишазхиоу.
Ацҳаражәҳәаҩ Апарламент Аиҳабы адырра ииҭеит никарагуатәи адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҟны Никарагуа аиҩызаразы адепутаттә гәыԥ аԥҵара шырҭаху, ари аҩ-тәылак рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа рыбжьара аимадара арӷәӷәареи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимдареи излацхраауа ала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент Аиҳабы иганахьала иҳәеит Никарагуа Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара апарламентбжьаратә усеицура арҿиара дшазхиоу.
Ишәгәалаҳаршәоит, 2021 шықәса, абҵарамза 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Никарагуа Ареспубликаҟны Манагуа ақалақь аҿы ишаԥҵоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа. Инар Ладариа Никарагуа Ареспублика аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩыс даҭан 2021 шықәса, абҵарамза 17 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала.
2008 шықәса цәыббрамза 3 рзы Никарагуа Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит, шықәсык ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
Последнее изменение Пятница, 23 декабря 2022 18:16 Опубликовано в Новости.
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/novosti/item/3114-spiker-parlamenta-vstretilsya-s-poslom-abkhazii-v-nikaragua-inarom-ladariya.
© АПСНЫПРЕСС.