АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ԥхынҷкәын.2022

АҞӘА АҚАЛАҚЬТӘ ЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АҚАЛАҚЬ АБИУЏЬЕҬ ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 2023 шықәсазы ақалақь абиуџьеҭ шьақәдырӷәӷәеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.

Аилатәара ихы алаирхәит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.

2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ақалақь абиуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа аицҵалыҵ 1 млрд 428 млн 378,30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтә хәҭа – 1 млрд 534 млн 206,50 нызықь мааҭ.

Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи абиуџьеҭбжьаратәи аԥаратә хархәагақәа рыиагара - 105 млн 828,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Ихадоу абиуџьеҭ шьақәзыргыло ахашәалахәқәаны иҟоуп: аиҿкаарақәа рхашәалахәы азы ашәахтә (38,7%), ахашәалахәытә шәахтә (47,8%), акцизқәа (3,5%), адгьылтә шәахтә (1,5 %), амазара ашәахтә (2,5%), иҷыдоу ашәахтә  (4,8%).

2023 шықәазы иазԥхьагәаҭоуп 2022 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьеҭ иаҿырԥшны 206  млн 940,1 нызықь мааҭ рыла аизырҳара.  

2023 шықәсазы 2022 ашықәс иаҿырԥшны ахатәы хашәалахәқәа 206  млн 940,1 нызықь мааҭ рыла реизырҳарагьы азԥхьагәаҭоуп. Иазԥхьагәаҭоу аизырҳара ихадоу ахашәалахәқәа (ахашәалахәы азы ашәахтә, ахашәалахәытә шәахтә, акциза)  ралагалара ацҵара иадҳәалахеит.

2023 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьеҭ ахашәалахәқәа рыструктура аҿы ашәахтә лагалақәа раҳасабала иалалоит 1 млрд 411  млн 035,9 нызықь мааҭ, ишәахтәым ахашәалахәқәа–  17  млн 342,4 нызықь мааҭ.

Абиуџьетбжьаратәи атрансферт  ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа рыла ишьақәгылоит – 13 млн 500,0 нызықь мааҭ, иара убас ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи хазы игоу абиуџьеттә усхкқәа русзуҩцәа руалфахәы  аицфинанстәра азы – 92 млн 328,2 нызықь мааҭ.


Read 329 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.