АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ԥхынҷкәын.2022

ЦӘЫББРАМЗА 1 ИНАРКНЫ АԤСНЫНТӘИ УРЫСТӘЫЛАҞА ЕКСПОРТЛА ИДӘЫҚӘҴАХЕИТ 20 246 ТОНН АМАНДАРИНА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәсанӡа Аԥснынтәи  Урыстәылаҟа експортла идәықәҵахеит 20 246 тонн амандарина, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы.  Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Аԥснынтәи иалганы иган 14 877 тонна амандарина.

Цәыббрамза алагамҭа инаркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаган 92,7 тонна ахәырмеи  776,5 тонна  афеихои.  Иҳаҩсыз ашықәс азы арҭ арбагақәа акыр еиҳан: ахәырма – 1 076,8 тонна, афеихо  – 1 865,6 тонна.

Ажьырныҳәамза инаркны ареспублика иалганы иган 4 нызықь тоннеи 287 кьылеи араса, 2021 шықәсазы – 2 нызықь тоннеи 708 кьылеи.     


Read 353 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.