АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2022

АДЕПУТАТЦӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠҚӘА РАНАШЬАРА АԤҞАРАҚӘА ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны аҳаҭыртә хьӡқәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа.

Уажәы иҟоу «Аԥсны аҳаҭыртә хьӡқәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыла ахарҭәаареи,   иара убас аҳаҭыртә хьӡқәа «Жәлар рартист», «Жәлар рышәҟәыҩҩы», «Жәлар рпоет», «Жәлар рсахьаҭыхҩы» ашәҟынҵара аганахьала  азакәан ахәҭаҷқәа иҿыцу аредакциа ала ацҵа алагалареи рзы адгалара ҟаҵоуп.  

Азакәан апроект инақәыршәаны:

Аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Жәлар рартист» «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист», ма «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь  10 шықәса иреиҵамкәа ианҵлак ашьҭахь анашьара ҟалоит.

Аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Зҽаԥазтәыз ашәҟәыҩҩы» «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ», ма «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь  10 шықәса иреиҵамкәа ианҵлак ашьҭахь анашьара ҟалоит. 

Аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз апоет» «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ», ма «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь  10 шықәса иреиҵамкәа ианҵлак ашьҭахь анашьара ҟалоит. 

Аҳаҭыртә хьӡы «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» «Аԥсны зҩаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», ма «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы аиура ашьҭахь  10 шықәса иреиҵамкәа ианҵлак ашьҭахь анашьара ҟалоит.  


Read 262 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.