АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2022

ИНАР КЕТИА МОСКВА ЕИЗГОУ АКОМАНДА АИЛАЗААРАҾЫ УРЫСТӘЫЛА АХРАҾА АГАРАЗЫ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АЏЬАЗ МЕДАЛ ИАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Адыгеиа аҳәынҭқарратәра  100-шықәса ахыҵра  иазкны ԥхынҷкәынмза 10-11 рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы имҩаԥысит  ахацәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Ахраҿа агаразы Акомандатә Аԥхьахәгара.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит Чечентәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Даӷьсҭан, Буриатиа, Ҟрым, Красноиарсктәи атәылаҿацә, Москва аҟынтәи акомандақәа.

Аицлабрақәа рҿы аџьаз медал анашьахеит Москва еизгоу акоманда. Уи аилазаараҿы дықәгылон аԥснытәи аспортсмен Инар Кетиа. Ахԥатәи аҭыԥ азы аматчтә еиԥылара аҿы москватәи акоманда  Чечентәылатәи еизгоу акоманда 6:4 ҳәа иаиааит. Аицлабрақәа рҿы аиааира агеит Ареспублика Даӷьсҭан акоманда. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа еизгоу акоманда.

Аԥснытәи аспортсмен акапантә категориа 70 кьыла иҟоу рыбжьара атурнир аиндаҭларақәа зегьы рҿы аиааирақәа игеит.

Инар Кетиа – Урыстәыла, Адунеи, Европа арԥарацәа рыбжьара (2017) Аԥхьахәгарақәа рҿы аиааирақәа игахьеит. Аиуниорцәа рыбжьара (2018, 2019, 2020, 2021), Урыстәыла Аԥхьахәрақәа рҿы аиааирақәа игахьеит. Адунеизегьтәии жәларбжьаратәии атурнирқәа рҿы изныкымкәа аиааирақәа згахьоу аспортсмен иоуп.  Аԥснытәи аспортсмен Москва ақалақь аҿы азыҟаҵаҩ Анатоли Маргиев инпхгарала иҽазыҟаиҵоит. Аԥсны иара Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ӡука Бениа иҿы иҽазыҟаиҵон.


Read 273 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.