АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2022

АДЕПУТАТЦӘА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АБИУЏЬЕҬНҬЫҴТӘИ АФОНДҚӘА РБИУЏЬЕҬҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Апарламент адепутатцәа 2023 шықәсазы абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьеҭқәа рыдыркылеит.  Ахәҭак аҵыхәтәантәи аԥхьарҿы ирыдыркылеит, егьи ахәҭа – актәи аԥхьараҿы.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьеҭнҭыҵтәи афонд  2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 199 млн. 616,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз Атәанчаҩратә фонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 1  млрд 480  млн 308,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Иара убасҵәҟьа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 59 млн. 608 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

 

Арепатриациа Афонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 239 млн. 850 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.    Аусшәҟа актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит.

Актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз Асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 163  млн. 902,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.    

Амҩатә Фонд абиуџьеҭ актәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит. Убс ала, Афонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 110  млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 


Read 236 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.