АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АУСЗУҨЦӘА АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАРАЗЫ АЗИН ЗЫРҴАБЫРГУА АРШАҲАҬГАҚӘА РХАҬАРА ААРԤШРА АЗЫ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА МҨАԤЫРГОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рхаҭара аарԥшра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Агрба иажәақәа рыла, амҩа-ԥыԥшырҭатә маҵзура аинспекторцәа рыла аусшәҟәқәа ргәаҭараан аа-хҭыск рыҟны Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амҩатә ныҟәара ашәарҭадаразы аҳәынҭқарратә Инспекциа (ГИБДД МВД РФ)  аҿы ирыҭаз амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рхаҭара аганахьала агәҩарақәа цәырҵит.

Аршаҳаҭгақәа рҿы иҟамызт амикротекст ҳәа изышьҭоу, иара убас егьырҭ аԥаршеира аҟазшьақәагьы рнубаалон. Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа (ГИБДД МВД РФ) адыррақәа рбаза ала агәаҭара анымҩаԥгаха ашьҭахь, аиԥш-зеиԥшу аномерқәа змоу аршаҳаҭгақәа егьырҭ атәылауаа рыхьӡала ишҭагалаз еилкаахеит.

«Џьокы-џьоукы иԥаршеиу амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа зхы иархәаны амашьына аԥсҟы зку уи азы ашьауӷатә ҭакԥхықәра шазԥхьагәаҭоу рыздырӡом», - ҳәа иазгәеиҭеит Баҭал Агрба.

Иарбоу азинеилагара азы ахьырхәра аҳасабала иазԥхьагәаҭоуп ҩы-шықәс рҟынӡа аҭакра.


Read 278 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.