АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынҷкәын.2022

ИМАҶУУИ ИБЖЬАРАТӘУУИ АУСДКЫЛАРА АЛГЫЛАРА АҬАРА ИАЗКУ АПРОГРАМА АҨБАТӘИ АЕТАП ИАЛАЛЕИТ 43 ПРОЕКТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика Аминистрра аҟны имҩаԥысит «Имаҷууи ибжьаратәууи аусдкылара 2022 шықәсазы адгылара аҭара азы» Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа ралԥшаара азы анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит.  

Акомиссиа аилазаара иалалеит абарҭ ахылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәа: аекономика Аминистрра, афинансқәа Рминистрра, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, атуризм Аминистрра, Аҳәынҭқарратә инвестициатә Маҵзура, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, Жәлар Реизара-Апарламент. 

Акомиссиа ахантәаҩыс дыҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Озган Кристина.

Аилатәара аҿы 59 зыҳәамза ирыхәаԥшит, урҭ рахьынтә 43 аҩбатәи аетап ахь ицәырҵит.

Апрограмма  ԥхынҷкәынмза  22,  2021 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада «2022–2025 шш. рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара» азы Аҳәынҭқарратә программа ашьақәырӷәӷәара азы» иҭижьыз Аусԥҟа №362 ала ишьақәырӷәӷәан.


Read 268 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.