АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2022

ЛАША АШӘБА: ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИЯ – АԤСНЫ ЖӘЛАР ЗЕГЬЫ ИМӶЬАӠО АХӘРА РНЫЗҴАЗ, АХААНАЗЫ ХАШҬШЬА ЗМАМ ХҬЫСУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Лаҭатәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 30- шықәа аҵра инамаданы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Жәажәижәаба шықәса раԥхьа, 1992 шықәса, ԥхынҷкәынмза 14 рзы, Лаҭа ақыҭан иҟалаз ахҭыс хлымӡаах ҳәажәлар зегьы рцәа иҭанарӡыӡеит.

Лаҭатәи атрагедиа - Аԥсны жәлар зегьы имӷьаӡо ахәра рнызҵаз, ахааназы хашьҭшьа змам хҭысуп. Амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь аҟнытә Урыстәылатәи аверталиот ақырҭуа қәылаҩцәа еихсны икарыжьит. Аӷа гәымбылџбарала ашәымҭак ала иҭаирхеит 87-ҩык акагьы зхарамыз ауаа.

Аиԥш зеиԥшыз ацәгьоура ҳҭоурых иаздырӡом. Иҭахаз реиҳараҩык  ахеиқәырхаразы, аӷа дзыкәшаны иҟаз Ҭҟәарчал иалҵырц иаҿыз аҭынч уааԥсыра роуп. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан ахшара зцәа иалаз ааҩык аҳәсеи 35-ҩык ахәыҷқәеи. Ԥхынҷкәынмза 14 Аԥсны аҭоурых ианылеит хара здымыз ауаа ршьала икәабоу, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҟны иҭахаз ахәыҷқәа зегьы ргәалашәара иамшны. Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ауаа рыхьыӡқәа наунагӡа хашҭра рықәымкәа ианызаауеит иҭахаз рыхьӡала иргылоу абаӡа.

Ари  арыцҳареиԥш, ақырҭуа архәҭақәа ҳажәлар зҭадыргылаз агәаҟра ахаангьы ҳгәы  иҭынҵәараны иҟам. Иаҳхашҭрангьы ҳаҟаӡам арҭ агыгшәыграқәа, уи  мҩаԥызгозгьы аҭакԥхықәра рыдҵазароуп!

Аибашьра иаҳзаанагаз агәаҟрақәа ареспублика иқәынхо ауааԥсыра зегьы еиҳагьы еиднакылеит аӷа иҿагыланы ақәԥараҟны. Аԥсуа жәлар  риашареи аиааиразы ирымаз агәрагареи Аԥсны ахьчаҩцәа  аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы ирымаз ахықәкы анагӡараҟны ирыцхрааит.

Иахьа имҩаԥысуа аглобалтә процессқәа  иҳарҳәоит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа рхамышҭра, ҳҭоурых мырӡкәа абиԥара ҿыцқәа рызнагара иамоу аҵакы ахадара атәы.

Хашҭшьа рымаӡам Лаҭатәи атрагедиаҟны иҭахаз зегьы. Имариам ари ахьаа хызҽыша ажәақәа рыԥшаара. Рхьаа рыцеиҩаҳшоит урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи.

Аԥсны жәлар зегьы аринахыс ирзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, ахирра!

 


Read 359 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.