АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2022

ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА ҞАЛЕИЖЬҬЕИ 30 ШЫҚӘСА ҴИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза  14, 1992 шықәса рзы,Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа Гәылрыԥшь араион ашьха иаԥну ақыҭа Лаҭа иахыԥраауаз,  ахәцәеи ахҵәацәеи зҭаз аҵәиԥрыга ларышьҭит.  

Ури амш аҽны Мрагыларатәи Аԥсны, ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рыла амацәаз иҭакыз ақалақь Ҭҟәарчал аҟынтәи Гәдоуҭа ақалақь ахь ахы рханы иҵыԥрааит агуманитартә реис назыгӡоз, ахҵәацәа зҭаз урыстәылатәи аҵәиԥрыгақәа ҩба.

Аха 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 16:39 рзы усҟантәи аамҭазы қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет архәҭақәа ирымпыҵакыз Кәыдрытәи Аҩхаа Лаҭа ақыҭа иахыԥраауаз  урыстәылатәи аҵәиԥрыга6ъа руак (МИ-8) аганахьала иоужьҭын  аракета «Землиа-Воздух». Аракета заахаз аҵәиԥрыга ашьха иаԥныз аҭыԥ аҿы ианкаҳа ашьҭахь иԥжәеит. Аҵәиԥрыга аҩныҵҟа иҟаз апасаџьырцәа зегьы ҭахеит.

Усҟан ари ахлымӡаах аҿы аамҭак ала еицҭахеит 87-ҩык ауаа, урҭ рахьынтә быжь шықәсагьы зхымҵыцыз 35-ҩык ахәыҷқәа. Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аблокада зҽацәызыхьчарц азы ари аҵәиԥрыга иақәтәаз абыргцәа, иара убас аа-ҩык зцәазтәымыз аҳәсақәагьы.

Иахьа ари алахьеиқәҵаратә амш аҽны Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Урҭ аҵәиԥрыга ахьыҵԥрааз Ҭҟәарчал араион Аҟәарчаԥан ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала ихацыркхоит.  


Read 320 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.