Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахь аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь аҿы зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа акурорт-зҩыдатәратә база аҿы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит. 16-еихагылакны иҟоу Очамчыратәи аԥсшьарҭаҩны 260 номер амазаауеит, уи 600 шьҭаларҭа-ҭыԥла еиқәыршәахоит. Иарбоу аобиект иааиуа 2023-тәи ашықәс азы, аԥсшьараамҭа алагамҭа, рашәарамзазы ахархәарахь рыҭара азԥхьагәаҭоуп.
Раԥхьатәи аихагылақәа ҩба рҿы иҟалоит акрыфарҭеи ақьафурҭеи. Иара убас абаза атерриториа аҟны аус аулоит ҩ-ӡҭачык: акы – аҽыхәышәтәра иазку, 3 километрак ақалақь иацәыхараны иҟоу Елыр ақыҭантәи иаагоу атермалтә ӡы ала ирҭәу, егьи – амшынӡы ала ирҭәу аҽыкәабарҭатә ӡҭарчы. Иарбоу аӡҭарчқәа алшықәсанык аус рулоит. Аобиект аиҭашьақәыргыларазы аинвестициақәа аланагалеит аишьцәа Сыҷынаа реилазаарақәа ргәыԥ.