АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынҷкәын.2022

ВЛАДИМИР АНУА УРЫСТӘЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АТӘЫЛАХЬЧАРА АЗЫ АИЛАК АХАНТӘАҨЫ АНДРЕИ КАРТАПОЛОВ ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчаразы Аилак ахантәаҩы Андреи Картаполови реиԥылара мҩаԥысит.   

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәеи гәыԥҩык Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи.

Аиԥылара аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ртәылахьчаратә Хылаԥшырҭа Хадақәа рыбжьара арра-техникатә усеицура иадҳәалоу арра-политикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы  ирылацәажәеит.

Андреи Картаполов Арбџьармчқәа рмузеи даҭааит, Аԥсны Арбџьармчқәа  рышьақәгылара аҭоурых атәы зҳәо аекспонатқәа ибеит.


Read 352 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.